https://sputnik-abkhazia.info/20260614/akats-akhaakhaaa-iakhyzhua-ubazar-akats-azhaaei-eiueishym-azgaaraei-ry-1063657620.html
"Акәац ахәаҭахәаҭаҳәа иахьыжәуа убазар": акәац ажәаԥҟақәеи еиуеиԥшым азгәаҭарақәеи рҿы
"Акәац ахәаҭахәаҭаҳәа иахьыжәуа убазар": акәац ажәаԥҟақәеи еиуеиԥшым азгәаҭарақәеи рҿы
Sputnik Аҧсны
Аишәа гәылзырҭәаауа, ауаҩы игәы зырҭәуа, ишьамхы зырӷәӷәо акәац ганрацәала дахцәажәоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа. 14.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-14T09:00+0300
2026-06-14T09:00+0300
2026-06-14T10:06+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101519/92/1015199228_0:101:1920:1181_1920x0_80_0_0_ee08ad9ff3976b7976a145fe6bfad92a.jpg
Досу ичыс иара изы ихаауп рҳәоит, усоуп иагьшыҟоу. Ҳаԥсуа чеиџьыка, ҳаԥсхәрақәа, ҳчарақәа ухаҿы иузаагом акәаци абысҭеи рыда. Аиаша ҳҳәарами, акыр еинаалоу фатәқәоуп, аџьыкеи асыӡбали зынӡа дара рзы ишоуп. Заҟа игәылыршәаны иҩуазеи Аԥсуара азышәаҳәаҩ Никәала Ҳашыг: "Акәац ахәараҳәа ажәра иаҿын, уи анаҩсан наҟ-ааҟ ачуан иахагыланы рымсҭхәагақәа ашыҩ-шыҩҳәа илеивга-ҩеивго ҩыџьа арԥарцәа абысҭа аилырбара иаҿын. Агәараҳәа еилашуаз аҟьатҟьат ԥҟьаҭны уажәы-уажә ачуан иҭууаауан. Урҭ абысҭа зуаз атазҳәа ианраахозгьы ыҟан, аха, акгьы ҟамлаӡазшәа, изҿыз рус инацырҵон".Аишәа гәылзырҭәаауа, ауаҩы игәы зырҭәуа, ишьамхы зырӷәӷәо акәац иахылҿиааз еиҿырԥшрақәак ртәы ҳҳәап:Акәаци ажәаԥҟақәеиАԥсуаа рҿаԥыцтә мазарақәа иреиуоу ажәаԥҟақәа ҳаргәылаԥшуазар, иҳарҳәоит:Лахь уаԥшны, акәац ша. Акәац аишәа архиараҿы еиҳараӡак ижәноуп рхы ишадырхәоз, убри аҟнытә жьыхәҭалагьы ашара акыр аҵанакуан. Ааигәанӡа ажәлар рацәа ахьеизоз, акрыфараҿы жьыхәҭала рхәы ршон, убри ауп изхылҿиаз: "Лахьы уахәаԥшны, акәац ша!" ҳәа ирҳәо ажәаԥҟагьы.Аҵәгьы мбылуа, акәацгьы ӡуа. Лҵшәа бзиала ҩ-уск еидызбало, ма џьаргьы зхы змырӡуа ауаҩы идукылар алшоит абри ажәаԥҟа.Акәац аныҟамла, акәыкәбаагьы фатәуп. Ауаҩы дангәаҟлак иимфаша ифоит, иҟаимҵаша ҟаиҵоит. Агәаҟра, амамзаара ауаҩы инамырҟаҵо акгьы ыҟам. Еиӷьу афатә анумам, уаанӡа иумфоз, иуаҭәамшьозгьы ухы алаугӡоит уи атәы шьақәнарӷәӷәоит ицәыргоу ажәаԥҟа.Акәаци ажәлар разгәаҭарақәеиАԥсуа жәлар разгәаҭарақәа ҳрызхьаԥшуазар, имаҷым ҳтема иақәҿызҭуа. Иаагозар:Аԥхыӡқәа рдунеи
https://sputnik-abkhazia.info/20210314/Aylsa-ashylsa-aylgydy-akats-zhykhaei-ur-rykhei-1031963864.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101519/92/1015199228_106:0:1815:1282_1920x0_80_0_0_a505fe97a600b3e9c8aacd0728a9d90c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа, аԥсны
"Акәац ахәаҭахәаҭаҳәа иахьыжәуа убазар": акәац ажәаԥҟақәеи еиуеиԥшым азгәаҭарақәеи рҿы
09:00 14.06.2026 (ирҿыцуп: 10:06 14.06.2026) Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Аишәа гәылзырҭәаауа, ауаҩы игәы зырҭәуа, ишьамхы зырӷәӷәо акәац ганрацәала дахцәажәоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Досу ичыс иара изы ихаауп рҳәоит, усоуп иагьшыҟоу. Ҳаԥсуа чеиџьыка, ҳаԥсхәрақәа, ҳчарақәа ухаҿы иузаагом акәаци абысҭеи рыда. Аиаша ҳҳәарами, акыр еинаалоу фатәқәоуп, аџьыкеи асыӡбали зынӡа дара рзы ишоуп.
Заҟа игәылыршәаны иҩуазеи Аԥсуара азышәаҳәаҩ Никәала Ҳашыг: "Акәац ахәараҳәа ажәра иаҿын, уи анаҩсан наҟ-ааҟ ачуан иахагыланы рымсҭхәагақәа ашыҩ-шыҩҳәа илеивга-ҩеивго ҩыџьа арԥарцәа абысҭа аилырбара иаҿын. Агәараҳәа еилашуаз аҟьатҟьат ԥҟьаҭны уажәы-уажә ачуан иҭууаауан. Урҭ абысҭа зуаз атазҳәа ианраахозгьы ыҟан, аха, акгьы ҟамлаӡазшәа, изҿыз рус инацырҵон".
Аишәа гәылзырҭәаауа, ауаҩы игәы зырҭәуа, ишьамхы зырӷәӷәо акәац иахылҿиааз еиҿырԥшрақәак ртәы ҳҳәап:
Ҵәык азна акәац иқәым - аҭеиҭыԥш анарбоит, изызҳәоу ауаҩы даара игуп аанагоит.
Ҳәызбеи кәаци еиқәихуам – дбеиоуп; иифо-иижәуа имоуп; дҭәы-дыԥха дынхоит аанагоит.
Зкәац ужәыр, зтәан еиламгыло - хаз-хазы иахо, зҳәатәы еиқәымшәо, имааибуа ауаа ирызку еиҿырԥшроуп.
Аԥсуаа рҿаԥыцтә мазарақәа иреиуоу ажәаԥҟақәа ҳаргәылаԥшуазар, иҳарҳәоит:
Лахь уаԥшны, акәац ша. Акәац аишәа архиараҿы еиҳараӡак ижәноуп рхы ишадырхәоз, убри аҟнытә жьыхәҭалагьы ашара акыр аҵанакуан. Ааигәанӡа ажәлар рацәа ахьеизоз, акрыфараҿы жьыхәҭала рхәы ршон, убри ауп изхылҿиаз: "Лахьы уахәаԥшны, акәац ша!" ҳәа ирҳәо ажәаԥҟагьы.
Аҵәгьы мбылуа, акәацгьы ӡуа. Лҵшәа бзиала ҩ-уск еидызбало, ма џьаргьы зхы змырӡуа ауаҩы идукылар алшоит абри ажәаԥҟа.
Акәац аныҟамла, акәыкәбаагьы фатәуп. Ауаҩы дангәаҟлак иимфаша ифоит, иҟаимҵаша ҟаиҵоит. Агәаҟра, амамзаара ауаҩы инамырҟаҵо акгьы ыҟам. Еиӷьу афатә анумам, уаанӡа иумфоз, иуаҭәамшьозгьы ухы алаугӡоит уи атәы шьақәнарӷәӷәоит ицәыргоу ажәаԥҟа.
Акәаци ажәлар разгәаҭарақәеи
Аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа ҳрызхьаԥшуазар, имаҷым ҳтема иақәҿызҭуа. Иаагозар:
Арахә ырҟааны иушьыр, акәац агьама ҽеихом.
Акәац жәны изҭоу ачуан аакныхны ҵаҟа адгьыл аҟны иургылар, анышә агьама шьҭнахуеит. Жьыхәҭак иадамхаргьы иахухыр, анышә агьама аанахәаӡом рҳәоит.
Арахә злаушьыз аҳәызба иаразнак ҵаҟа ишьҭауҵар, акәац анышә агьама аанахәоит ҳәа азгәарҭоит.
Акәац аӡа уеиԥхыӡзар - ачымазара, ауадаҩрақәа ирызҳәоуп.
Акәац аӡа ҩбаны еиҟәурԥо аиԥхыӡра – угәырҩа, ухьаа уцызшауа дуқәшәоит.
Арахә ацәа ахыхра уеиԥхыӡыр – аԥхашьара зцу уск уақәшәоит.
Ԥхыӡла акәац ахәаҭахәаҭаҳәа иахьыжәуа ачуан унахагылазар, узықәшәараны уҟоу ауадаҩрақәа уриааиуеит.