ИА "Аԥсны акоманда" анапхгаҩы хада инапынҵақәа назыгӡо даҭоуп
17:57 15.06.2026 (ирҿыцуп: 18:21 15.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 15— Sputnik. ИА "Аԥсны акоманда" анапхгаҩы хада инапынҵақәа наигӡалоит апроекттә менеџьыр Дырмит Габалиа.
Георги Габуниа иусура даҟәыҵит, "ихатә усқәеи иҭаацәаратә ҭагылазашьеи ирыхҟьаны" ҳәа адырра ҟарҵеит апроект аофис аҟны. Уаҟа иазгәарҭеит, Габуниа иусура аамҭа иалагӡан апроектқәа ҭышәынтәаланы рынагӡаразы аспециалистцәа ргәыԥ шеиҿкааз.
Акадртә ԥсахрақәа уажәтәи апрограммақәа ирныруам ҳәа ацырҵеит аиҿкаараҿы.
ИА "Аԥсны акоманда" еиҿкаан аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба идҵала 2025 шықәса нанҳәамзазы. Ахықәкы — абаҩхатәра злоу анапхгаҩцәа ралкаара, урҭ рыпроектқәа аларҵәаразы адгылара рыҭара, ауаҩытәыҩсатә ресур аизырҳара.
Аицлабра "Аԥсны акоманда" аҩбатәи асезон мшаԥымзаз ихацыркхеит, алахәхаразы 2500 инареиҳаны азыҳәақәа нашьҭын.