Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 172 ҭадырхеит
09:29 16.06.2026 (ирҿыцуп: 10:20 16.06.2026)

© Sputnik / Министерство обороны РФ
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 16— Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 172 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Астрахантәи, Белгородтәи, Бриансктәи, Калугатәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Курсктәи, Орловтәи, Ростовтәи, Риазантәи, Тамбовтәи, Тулатәи аобластқәеи, Краснодартәи атәылаҿацәи, Ҟрыми, Ҟәбинеи, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни инархыкны.
Москва адронқәа руак анефҭ аус адуларатә зауад аҵакыраҿы ахыбра ааха анаҭеит. Ааха зауз ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам, амцарцәаҩцәа русура иацырҵоит.
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аԥҽыхақәа ркаҳара иахҟьаны астаница Полтавскаиа анефҭбазаҿы амцакра ҟалеит. Аӡәгьы ԥырхага имоуит, амцакра дырцәоит 32-ҩыки 7 ак атехникеи.