"Апатырқалтә мҩаду" аиӷьтәразы аескизтә проект ӡырган
16:46 16.06.2026 (ирҿыцуп: 20:55 16.06.2026)

© Video screenshot
Анапаҵаҩра
Џьанашьиа имҩаду аиӷьтәразы иреиӷьу апроект азы аицлабра мҩаԥыргеит Аҟәа ахадара, ААУ, иара убас апроект "Аԥсны акоманда" иаҵанакуа агәыԥ "Аманшәалареи ашәарҭадареи".
АҞӘА, рашәара 16— Sputnik. "Аԥсны акоманда" аофис аҿы "Апатырқалтә мҩаду" аиӷьтәразы аескизтә проект аӡыргара мҩаԥган.
"Аԥсны акоманда" Џьанашьиа имҩаду аҟны апатырқалтә аллеиа аҟаҵаразы апроект хацдыркит. Амҩаду Аҟәа аҭоурыхтә мҩадуқәа иреиуоуп. Уи аиӷьтәразы аԥшьгамҭа адгылара арҭеит аҳҭнықалақь анапхгара, аҵарауаа, ауааԥсыреи", — ҳәа иҳәеит аиҿкаара анапхгаҩ хада напынҵақәа назыгӡо Дырмит Габалиа.
Иара иазгәеиҭеит, зыӡбахә ҳәоу аҵлақәа реиҭаҳара мацара шакәым, шьаҭанкылатәи аиӷьтәра шазԥхьагәаҭоу.
"Зегь раԥхьаӡа иргыланы, иҳарҿыцуеит ашьапыламҩақәеи анџьныртә ҳақәеи, згәабзиаратә лшарақәа ԥку ԥынгылада иахьнеиша аҭыԥ еиҿаҳкаауеит", — ҳәа азгәеиҭеит Габалиа.
Апроект автор Серафима Хьелаӡе иазгәалҭеит, ишьақәырӷәӷәоу апроект аусура ашықәс аҩбатәи азыбжазы ишалаго. Апроект системала иазнеит, аиҭашьақәыргыларақәа иазԥхьагәаҭоу Чачба-Шервашиӡе иҩны адәахьтәи аҭеиҭыԥш аԥсахра ҳасаб азун.
"Кыр зҵазкуа усны иҟан акоммуналтә цәаҳәақәа рышьақәыргылара, уажәы еиларԥаны иҟоу адгьылҵаҟа ииагахоит. Уи аҭыԥ ԥшӡа аԥҵара мацара акәымкәа, атехнологиала ишәарҭаданы иҟалоит", — ҳәа азгәеиҭеит апроект автор.

Апроект архитектор хада Олег Ҷедиа иажәақәа рыла, аусурақәа зегь раԥхьаӡа иргыланы амҩаду злахҟьоу аԥсахрала иалагатәуп, избан акәзар амҩа наароуп.
"Даара иуадаҩын аҩ-мҩадук рыҩаӡарақәа реиқәшәара, шьапыла ицо ауааи амашьынақәеи рзы аныҟәара еиҳа иманшәалахарц азы. Иазԥхьагәаҳҭеит иҟоу амардуан аԥсахра, иҳарҿыцуети аҭӡамцқәа, иҳаԥсахуеит иажәхьоу ахәҭақәа. Аԥхьаҟа аҭӡамцқәа рҭагылазаашьазы адыррақәак ҳамазар ҳҭахын, урҭ ахьжәытәқәоу инамаданы", — иҳәеит иара.
Апроект анагӡахоит хәҭа-хәҭала ҳәа азгәеиҭеит Аҟәа анџьныр хада Беслан Багаҭелиа.
"Аусуратә документациа аԥҵахоит. Аусура иацу ахарџь анеилаҳкаалак, амҩаду аиӷьтәреи аиҭашьақәыргылареи рзы аусура ҳалагар ҳалшоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.