Аҟәа акаҳуажәырҭа "Пингвин" ахь уназго Аршба имҩаду аркуп
11:25 22.06.2026 (ирҿыцуп: 11:48 22.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 22 — Sputnik. Аҟәа акаҳуажәырҭа "Пингвин" ахь уназго Аршба имҩаду аркуп.
Ақалақь ахадара излаанацҳауа ала, ас еиԥш аӡбара рыдыркылеит хыԥхьаӡара рацәала ауааԥсыра иҟарҵаз аҳәарақәа инарымаданы. Уи хықәкы хадас иамоуп аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи ршәарҭадареи аманшәалара рзаԥҵареи.
Аԥшаҳәаҿы амашьынақәа рымҩасра аԥкра ашьаҟауаа, акәырҷыжьла ахәыҷқәа ныҟәызго аҭаацәа, згәабзиаратә лшарақәа ԥку ауааԥсыра уҳәа рныҟәара еиҳа иараманшәалоит, урҭ ршәарҭадара ақалақь анапхгара аусураҿы ихадароу зҵаароуп ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ахадара апресс-маҵзура.