Аԥсны апрокурор хада ашьаусқәа рыҭҵаара ахылаԥшра арӷәӷәаразы анапынҵа ҟаиҵеит
18:04 22.06.2026 (ирҿыцуп: 18:22 22.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 22 — Sputnik. Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба ашьаусқәа рыҭҵаара ахылаԥшра арӷәӷәаразы анапынҵа ҟаиҵеит.
Араионқәеи Аҟәа ақалақьи рпрокурорцәеи, иҷыдоу апрокурорцәеи, урҭ рхаҭыԥуааи русуратә еилацәажәараҿы ирзааҭгылеит ашьаусқәа рыҭҵаара апрокурортә хылаԥшра, аусҭҵааратә усура ахаҭабзиара аизырҳара, иара убас ацәгьоурақәа ашәҟәы рҭагалара рҽацәыхьчара афактқәа раарԥшреи раԥырҟәҟәаареи рызҵаарақәа.

"Лассы-лассы заанаҵтәи аусҭҵаара иадрыԥхьалоит зыгәра гам, аус алҵшәа иазҿлымҳам ашаҳаҭцәа, нас апрактика ишаҳнарбо ала урҭ аус аинтерес змоу уааны иҟалоит, уи иахҟьаны аӡбарҭаҿы ариашаратә шьауcқәҵара рыдыркылоит. Урҭ имариоу шьауcқәаӡам — урҭ ауаажәларратә зҿлымҳара змоу усқәоуп, ас еиԥш аусқәа логикала ахыркәшара аҟынӡа изнеиӡом", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Апрокурор хада.
Агрба ҷыдала дазааҭгылеит атәылауаа иҟарҵо ааԥхьарақәа рыхәаԥшра аҿҳәара ақәныҟәара ҳәа аанацҳаит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла апрокурорцәа рнапы ианҵоуп аҭыԥқәа рҿы аусҭҵааратә усбарҭақәа русура ахылаԥшра дырӷәӷәарц, ашьаусқәа рыҭҵаара ахаҭабзиара аизырҳаразы ауснагӡатә цҵақәа рыдыркыларц.
Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла апрокурорцәа рнапы ианҵоуп аҭыԥқәа рҿы аусҭҵааратә усбарҭақәа русура ахылаԥшра дырӷәӷәарц, ашьаусқәа рыҭҵаара ахаҭабзиара аизырҳаразы ауснагӡатә цҵақәа рыдыркыларц.