Аԥсны абжьаратәи анаплак маҷи ацхыраара рыҭаразы 34 рзаҳал алаҵоуп
18:36 22.06.2026 (ирҿыцуп: 19:01 22.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 22 — Sputnik. Аԥсны абжьаратәи анаплак маҷи ацхыраара рыҭаразы апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны 34 рзаҳал алаҵоуп.
Арзаҳалқәа рыҭҵаара анаҩстәи ахәҭаҿы апроектқәа ахьынагӡахо аҭыԥқәа ирҭаароуп ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны аекономика аминистр Ҭемураз Амқәаб аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы акомиссиа аилатәараҿы.
Уи хымԥадатәиуп арзаҳалқәа здызкыло акомиссиа алахәылацәа апроектқәа агрантқәа рзоуржьраҿы адгьылқәа рҭагылазаашьа шыҟаҵәҟьоу адырра рыҭаразы.
Уи ашьҭахь, аҭакԥхықәра зду, мамзаргьы аусбарҭабжьаратә комиссиа аинвестициатә проектқәа ралхраан, Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз аӡбара иақәныҟәо зырҵабыргуа азыҳәаҩ иҟынтәи изыцҵоу аусшәҟәқәа адигалароуп.