Аҟәа имаԥысит жәларбжьаратәи акциа "Агәалашәара ацәашьы"
22:14 22.06.2026 (ирҿыцуп: 23:31 22.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 22 — Sputnik. Аҟәа имаԥысит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аналагаз амш 85 шықәса ахыҵра иазку жәларбжьаратәи акциа "Агәалашәара ацәашьы", иара убас Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵареи.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит аԥыза-министр Владимир Делба, атәыла ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы Беслан Ешба, Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, ауаажәларра.
Владимир Делба иазгәеиҭеит, рашәара 22 — ари миллионҩыла ауааԥсыра рлахьынҵа зыԥсахыз, зегь реиҳа илахьеиқәҵагоу, убри аамҭазы афырхаҵаратә мшқәаны ишыҟоу.
Аусмҩаԥгатә алахәылацәа ацәашьқәа рыла ианырҵеит ахыԥхьаӡара "85", иара убас ажәа "Шәаҳгәалашәоит" ҳәа. Абаҟа азааигәара еиҿкаан ацәыргақәҵа "22.06.1941. Ахлымӡаах. Агәымшәара. Афырхаҵара".
Аусмҩаԥгатә еиҿыркааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Аҟәа ақалақь ахадара, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи, ахеидкылақәа "Ԥсра зқәым архәҭеи" "Хатәгәаԥхаралатәи аротеи" рхаҭарнакцәа.
Акциа "Агәалашәара ацәашьы" мҩаԥысуеит есышықәса Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аналагаз амш аҽны. Аиааира Ду зхы ақәызҵаз зегьы ргәалашәара иазкны ацәашьқәа рбылуеит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рахьынтә 17-нызқьҩык инареиҳаны рыҩныҟақәа ишзыхнымҳәӡеит, 23-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵоуп, хҩык — "Ахьӡ-Аԥша" аорден.