Аҟәа авокзал аҿаԥхьа игылоу аҩнеихагылақәа адәахьала реиҭашьақәыргылара иалагеит
14:46 24.06.2026 (ирҿыцуп: 15:25 24.06.2026)

© Video screenshot
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 24 — Sputnik. Аҟәа авокзал аҿаԥхьа, Ешба имҩаҿы игылоу аҩнеихагылақәа адәахьала реиҭашьақәыргылара иалагеит.
Уажәы аусуцәа аваргылақәа ықәдыргылоит, ажәытә шьых адырхуеит ҳәа иҳәеит "Ақалақьргылара" аиҳабы Асҭамыр Ԥиԥиа.
Иара убас, Ашахматтә школи Ареспубликатә аҳақьым-бҩарҵәыратә диспансери ахьыҟоу Леон имҩаҿы игылоу аҭоурыхтә хыбрақәа рхаҿрақәа еиҭашьақәыргылоуп, ишәуп.
Ахарџьқәа рхахьы иргеит аҭыԥантәи анаплакҩцәа.
"Аҟәа архитектуратә хаҿра аиқәырхара – аиҿкааратә ҽазышәарақәа рыдагьы, акрызҵазкуа алшарақәа зҭаху усуп. Зегьы ззеиԥшым аҭыԥантәи абизнесуаа ирыбзоураны аусурақәа рырццакреи ахыбрақәа еиҳа арымҽхакреи алыршахоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәарҭеит аҳҭнықалақь ахадараҿы.