"Ицифрарку Аԥсны" ацҵа аԥышәаратә версиа ӡырыргеит Аҟәа
18:00 24.06.2026 (ирҿыцуп: 18:43 24.06.2026)

© Sputnik / Валерий Мельников
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 24 — Sputnik. "Ицифрарку Аԥсны" ацҵа аԥышәаратә версиа ӡырыргеит аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҟны аиааира згаз.
Ари ацҵа иалнаршоит еицырдыруа реиԥш, атуристцәа аӡәырҩы макьана ирзымдыруа аҭыԥ ԥшӡарақәа рдырра аизырҳара.

Уи иаларгалахьеит 100 инареиҳаны инарҭбааны ахцәажәара зцу аргыларақәа, аусмҩаԥгатәқәа рафишақәа, авиртуалтә гид, амаршрут ашьақәыргылара алыршара рыманы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иара убас аамҭала аҿаҵара зылшо аусҳәарҭақәа — акаҳуажәырҭақәа, аресторанқәа, асасааирҭақәа.
Апроект асаит ахархәара аиухьеит. Ацца афункционал аус адулахоит, ҭагалан хәыда-ԥсадатәи атурсервис ахархәаҩцәа рзы ахархәара аиуеит.
Аицлабра" Зысасгәашә аарту Аԥсны " еиҿыркааит ИАЕ "Аԥсны акомандеи " урыстәылатәи анапхгараҭаратә ҟазарҭа "Сенежи". Афинал мҩаԥысит мшаԥы 2 рзы, 48-ҩык аиааира згаз апроектқәа рынагӡаразы 1 млн мааҭ агрантқәа роуит.