300 инареиҳаны амҩатә ԥҟарақәа реилагара аарԥшын рашәара 23 рзы имҩаԥгаз агәаҭарақәа раан
21:34 24.06.2026 (ирҿыцуп: 22:39 24.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 24 — Sputnik. Аҟәа рашәара 23 рзы Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа имҩаԥыргаз агәаҭарақәа раан 316-ҩык ашәҟәы иҭаргалеит амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Жәаҩык амашьынаныҟәцаҩцәа ижәны аԥсҟы ркын, 12 машьына ахараԥса аргыларҭахь инаргеит.
Иаанкылаз аныҟәцаҩцәа руаӡәк ззин ыҟам апсихотроптә хәшәы имашьынаҿы иԥшаан.
Уи адагьы, ААИ аусзуҩцәа 118 машьына рԥенџьырқәа аиқәара амархит.