https://sputnik-abkhazia.info/20260702/1064061762.html
Гәынба: Аиааира зыҟалаӡомызт - иҟамызҭгьы Тамшьтәи адесант
Гәынба: Аиааира зыҟалаӡомызт - иҟамызҭгьы Тамшьтәи адесант
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 2 — Sputnik. Аиааира зыҟалаӡомызт иҟамызҭгьы Тамшьтәи адесант, ианвартәи, марттәи, иультәи ажәыларақәа, арҭ зегьы хәҭа-ҳәҭала Аиааира Ду... 02.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-02T10:46+0300
2026-07-02T10:46+0300
2026-07-02T14:18+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/02/1064063022_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_5bd96821afbb11fa7d650eb9cff5629e.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 2 — Sputnik. Аиааира зыҟалаӡомызт иҟамызҭгьы Тамшьтәи адесант, ианвартәи, марттәи, иультәи ажәыларақәа, арҭ зегьы хәҭа-ҳәҭала Аиааира Ду ҳзааргеит иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Тамшь адесант рыӡхыҵра амш аҽны агәалашәаратә уснагӡатә аҟны данықәгылоз.Атәыла ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит аиабшьра аветеранцәа иаадырԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы."Ҳаҭыр зқәу аибашьра аветеранцәа шәара иаҳзаажәгаз аиааира иахьынӡаҳалшо аихаҳара ҳашьҭазаауеит", — иҳәеит Гәынба.Ԥхынгәы 2 1993 шықәсазы аԥсуа десант Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иӡхыҵит. Аибашьцәа рҿаԥхьа хықәкыс иқәгылан амҩаду хада аанкылара, ақырҭуа архәҭақәа ацхыраараз Аҟәаҟа раамышьҭра. Ари ажәылараҿы иҭахеит 60-ҩык аԥсуа еибашьцәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/02/1064063022_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_6722c1307598b717995806bdcf2fc91b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Гәынба: Аиааира зыҟалаӡомызт - иҟамызҭгьы Тамшьтәи адесант
10:46 02.07.2026 (ирҿыцуп: 14:18 02.07.2026) АҞӘА, ԥхынгәы 2 — Sputnik. Аиааира зыҟалаӡомызт иҟамызҭгьы Тамшьтәи адесант, ианвартәи, марттәи, иультәи ажәыларақәа, арҭ зегьы хәҭа-ҳәҭала Аиааира Ду ҳзааргеит иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Тамшь адесант рыӡхыҵра амш аҽны агәалашәаратә уснагӡатә аҟны данықәгылоз.
Атәыла ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит аиабшьра аветеранцәа иаадырԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы.
"Ҳаҭыр зқәу аибашьра аветеранцәа шәара иаҳзаажәгаз аиааира иахьынӡаҳалшо аихаҳара ҳашьҭазаауеит", — иҳәеит Гәынба.
Ԥхынгәы 2 1993 шықәсазы аԥсуа десант Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иӡхыҵит. Аибашьцәа рҿаԥхьа хықәкыс иқәгылан амҩаду хада аанкылара, ақырҭуа архәҭақәа ацхыраараз Аҟәаҟа раамышьҭра. Ари ажәылараҿы иҭахеит 60-ҩык аԥсуа еибашьцәа.