Украинатәи амаҵзура ҷыдақәа иаздырхиоз атерактқәа рсериа аԥнарҟәҟәааит Урыстәыла АШәМ
10:26 09.07.2026 (ирҿыцуп: 11:20 09.07.2026)

© Sputnik / ФСБ РФ
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 9 — Sputnik. Мраҭашәаратәи акураторцәа рыцхыраарала украинатәи амаҵзура ҷыдақәа иаздырхиоз атерактқәа рсериа аԥнарҟәҟәааит Урыстәыла АШәМ.
Аҽазышәара ахықәкқәа ируакын Атәылахьчара аминистрра афицар, иара убас арратә инфраструктура ахыбрақәа, ААК анаплак хадақәа руак налаҵаны.
Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла, даанкылоуп украинатәи амаҵзура ҷыдақәа ари аус иаларгалаз, 25 шықәса зхыҵуа аԥҳәыс. 2026 шықәса хәажәкырамзазы акоординатор идҵала лара Москва ауаҭах қьырала илгеит, уаҟа аррамаҵзурауаҩ дахьынхо аҭыԥи имашьынеи убартә еиԥш авидеохылаԥшратә камерақәа ықәлыргылеит, нас аҭыхымҭақәа Украинаҟа илышьҭуан.
Иара убас, аԥҳәыс дахьынхоз, лара Ҭырқәтәылеи Молдовеи рыла Урыстәыла ааныжьны данцалак ашьҭахь, Москваҟа инеираны иҟаз атеракт анагӡаҩ ҳәа агәаанагара ззыҟоу изы аҽыҵәахыга хархәагақәеи афатәқәеи шьҭан.
Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аинформациала лара ахара лыдҵоуп, аусҭҵаара аус ацылуеит. Атеракт азыҟаҵареи аҳәынҭқарра аԥсахреи рзы ахәҭаҷқәа рыла ашьаус хацыркуп.