00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акьаҿ дҩамӡеит, ау дымлаҟәит...

© Sputnik / Томас Тхайцук Национальная библиотека Абхазии
Национальная библиотека Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2026
Анапаҵаҩра
2004 шықәсазы Аԥсны иҟаз аполитикатә ҭагылазаашьа еиҩнашаз рацәаҩуп, иахьанӡагьы уи ашьҭрақәа ҳаԥсҭазаара ианубаалоит. Убарҭ ируакуп ицәырызго атема.

Аԥсны иҟоуп ашәҟәыҩҩцәа рыхьӡ иадҳәало ауаажәларратә еиҿкаарақәа ҩба – Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациеи. Акырынтә иалацәажәахьеит урҭ анкьа ишыҟаз еиԥш реидҵара, аха "Акьаҿ дҩамӡеит, ау дымлаҟәит" шырҳәо еиԥш, иахьа уажәраанӡа ус иаанханы иҟоуп. Ари анҵамҭа санаҿыз сзацәажәаз урҭ аиҿкаарақәа рхадацәа ражәа ахы ахьцо шызбаз ала, макьаназы еидылашьа рымам. Хаз-хазы иҟазаауеит, алитературеи уи аҭҵаареи ҳазҭагыло аамҭазы ҽаҩра бзиаӡак ҳнамҭозаргьы. Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа аибашьра ашьҭахь ҳлитература аҿиашьа иеиҭаз ахәшьара аиашахаҭа иазааигәазар ҟалап –"ашоура тәаны иҟоуп". Аха, имгәыӷкәа иԥсхьада, издыруада ҳшымгәыӷӡо ҽаԥарак иԥаргьы?!
Енвер Ажьиба Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахадас далхуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2026
Аԥсны
Енвер Ажьиба Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахадас далхуп
Рашәарамза 24 рзы Ашәҟәыҩҩцәа рассоциаициа изаамҭанытәым алхрақәа мҩаԥыргеит, уи ахантәаҩыс иҟаз Владимир Занҭариа иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы. Ассоциациа ахантәаҩыс далхуп ашәҟәыҩҩы, ажурналист, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аветеран Енвер Ажьиба. Сара срацәажәеит аиҿкаарақәа рхадацәа, хықәкысгьы исымаз абри аидылара азҵаара ӡбашьас иамоу аилкаара акәын.
Енвер Ажьиба абас иҳәеит:

"Уи ара аизара аныҟазгьы иқәгылан. Иаартны уцәажәар еиӷьми? Сара иџьасшьо басҳәап, ишәҟәыҩҩцәам роуп убри иалацәажәо? Убри ада ус рымаӡами ишәҟәыҩҩцәам убри иалацәажәо? Сара аизара аныҟаз ирысҭеит абас аҭак. Ҳаидыҵра зыхҟьаз 2004-тәи ашықәс ауп. Ԥыҭҩык арзаҳал рҩын иалҵит, абра ахақәиҭра ашҭаҿы аҳәамҭа ҟарҵеит. Мушьни Лашәриа ахада иҿыцыз акгьы аԥимҵаӡеит (аред. Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла напхгара аиҭон 1979-1986 шықәсқәа рзы). 1928 шықәсазы иаԥҵан ари аиҿкаара. Ҳаизиган, ассоциациа еиҿикааит. Иахьа, Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аидылара рҭахызар, арзаҳал рҩааит…"

Сара ари азҵаара шьҭызхуа сышәҟәыҩҩӡам — сжурналиступ, насгьы аԥхьаҩцәа схы рхысыԥхьаӡалоит. Азҵаара зышьҭысхуагьы убри ауп, арҭ аҩ-еиҿкаарак аҳәынҭқарра ахарџь ала ишьақәгылоуп, рхатәы кьыԥхь рымоуп, иара убас аофисқәа уҳәа.
Ҳәарада, Аԥсны ашәшьыра иҵаҵәаху аекономика уаԥшны, ирацәамзар акәхап аидгылақәа ирықәхарџьу, аха қьарс иалоузеи сҵаарц сҭахуп, ашәахтә зшәо ауаҩы лаҳасабала? Иҳамоума ҳара апиеса бзиахәқәа цәырызго, ароман ҿыцқәа, апоемақәа уҳәа? Аҵыхәтәнтәи ашықәсқәа рзы алитературатә еицлабрақәа рахь инанаго аҩымҭақәа даара имаҷуп. Х-номинациак ыҟазар, аицлабра ыҟаӡам, иназгаз зегьы акака роур алшоит.
Ажурнал  Алашара  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2022
Аԥсны
Ашәҟәыҩҩцәа Реизара Ду, апоезиа, апроза: "Алашара" аԥшьбатәи аномер ҭыҵит
Аҵыхәтәантәи Д. Гәлиа ипремиа аиуразы аицлабра аныҟаз, алитературатә премиа аӡәгьы ианашьамхеит. Зынӡа иқәгылан ҩыџьа авторцәа. Абри зхысҳәаауа, иҳаҩсыз ашәышықәсазы ишыҟаз еиԥш иҟам, иахьа алитература аҿиара ахьысҳара анубаалоит, акапитализм ицәырнаго аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны иаҵагыло рацәаҩым ҳҳәар ауеит. Иҳаҩсыз ашәышықәса ҳәа сызҿу, ҽаԥарк иԥаны иҟан ҳсахьаркыратә литературеи, уи аҭҵаареи ирыдҳәалаз ахырхарҭақәа. Баграт Шьынқәба, Алықьса Гогәуа, Артур Аншба, Владимир Аҵнариа, Таиф Аџьба, Рушьбеи Смыр уҳәа, ҩашьара зқәымыз ароманқәеи, апоезиатә еизгақәеи, акритикатә литературеи ҿион. Иахьагьы ицәырҵуеит, еиҳаркгьы апоезиаҿы аҟазара злоу аҿарацәа: Аинар Ҷыҭанаа, Абзагә Аҟалӷьба, Аслан Занҭариа уҳәа. Аха, иабаҟоу А. Гогәуа ироман "Аҽыкәаҳа" иамазкуа? Мамзаргьы, алитератураҭҵаараҿы иҟоума аклассикцәа ирызку амонографиа ҿыцқәа? Иҟоуп хаз игоу астатиақәа, аха амҽхак анкьатәи ацәаҩа ахӡам. Уи иамоуп хыхь исҳәаз амзызқәа — аекономикатә ҭагылазаашьа ауаҩы иԥсҭазаара арҿиара иазикратәы иахьыҟам.
Нас, сеиҭазыхынҳәуеит иаҳҭахума ашәҟәыҩҩцәа реиҿкаарақәа ҩба? Енвер Ажьиба сиазҵааит Ассоциациа шаҟаҩы алада ҳәа? Иара иажәақәа рыла, 50-ҩык рҟынӡа иҟоуп, урҭ рахьтә ашәҟәыҩҩцәа ҳәа ззырҳәо 27-ҩык.

"Ассоциациа аԥҟаԥҵәа излаҳәо ала, иаҳҳәап, ашәҟәыҩҩцәа рнаҩс аҟазара, акультура иаҵанакуа ауаа алалара азин рымоуп. Гәыцәс ҳаиҿкаара иалоу ашәҟәыҩҩцәа роуп. Аиашазы, аиҭахәаԥшрагьы ҳгәы иҭоуп уи азҵаара", — иҳәеит Ассоциациа ахада аԥҟаԥҵәа иаҳәо шџьасшьаз аниба.

Сгәаанагарала, ашәҟәыҩҩцәа еидызкыло еиҿкааразар, аҽыԥсаҟьара, ахыԥхьаӡара ардура иаԥсамзар ҟалап.
Сызҵаарақәа хыхь ишысҳәаз еиԥш Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахада иахьгьы исырхеит. Уи ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу исиҭаз аинформациа ала, иахьа Аидгыла иалоуп 30-ҩык рҟынӡа. Иара далахәын Ассоциациаа имҩаԥыргоз алхрақәа, инаԥхьаз иаҳасабала. Аидылара азҵааразы абас аҭак сиҭеит:

"Абыржәы аизара анрымаз ассоциациаҿы уи азҵаара цәырҵит, аха ирҭахымхаӡеит. Урҭ рыԥҟаԥҵәа ҽакала иҟоуп. Ҳара ҳҿы ашәҟәыҩҩцәа роуп иалоу, ашәҟәы ҭрыжьхьазароуп, дфилологзар алитератураҭҵаара даҿызароуп. Статиак иҩит ҳәа, жәеинраалаки жәабжьки иҩит ҳәагьы даднакылаӡом. Ахыԥхьаӡара ҳашьҭаӡам ҳара. Аидылара азы акулуарқәа рҿы иҟоуп ацәажәарақәа, аха уи аизара ҟаҵаноуп ишалацәажәатәу. Насгьы, ҳаԥҟаԥҵәақәа ахьеиқәымшәо уигьы ԥынгылоуп са сахьахәаԥшуа ала".

Арифметика ишҳанаҳәо ала, ашәҟәыҩҩратә уаажәларратә еиҿкаарақәа ирылоуп 80-ҩык, урҭ рахьтә ишәҟәыҩҩцәоуп ҳәа иалкаауп 57-ҩык. Ассоциациа иалоу егьырҭ акультура аусзуҩцәа ахымԥхьаӡалакәа. Арсҟаҩык аԥхьаҩцәа ыҟамзаргьы ҟалап сгәахәуеит санхәыцуа, изыҩуа ракәым. Рашәарамза 18 рзы ашәҟәыҩҩы, адраматург Самсон Ҷанба диижьҭеи 140 шықәса ҵит. Иара ибаҟа гылоуп ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аԥхьа. Нас, абырсҟаҩык ашәҟәыҩҩцәа ыҟазар, ашәҭҿаҳәара ибаҟа аҿаԥхьа ишьҭарҵама? Урҭ амшқәа рзы ицоз аспектакль "Амҳаџьырцәа" рҽеидкыланы ахәаԥшра изнеима? Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асоциалтә даҟьаҿы инысымҩа цәырнагеит ҳамҳәозар, иубилеи арыцхә аҽны акгьы мҩаԥымсит. Шәазхәыци абри иҳаҵанаҳәо?!
Иахьа ашәҟәыԥхьара анмаҷу, хымԥада асоциалтә ҳақәа рҿы алитература иадҳәало анҵамҭақәеи асахьаныҟәақәеи рцәыргара даара акраҵанакуеит. Ассоциациа ахада Ажьиба уи азы дсықәшаҳаҭхеит, ишсеиҳәаз ала дара ирымаӡам рхатә даҟьа.
Книги Михи Лакрба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2021
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Миха Лакрба иновеллақәа рыԥхьаразы аиндаҭлара рыланаҳәеит
"Раԥхьа иргыланы ҳара уажәы адаҟьақәа ааҳартуеит асоциалтә ҳақәа рҿы. Иҭҳажьуа, иҟаҳҵо ауаа ирбо, ираҳауа иҟалартә ҳныҟәоит. Абри ашықәс иалагӡаны иҳалшо ауаҩы ибартә иҟалоит. Таиф Аџьба имҳәеи "ирҳәо башоуп, ируа ҳбап". Уажәы убри аҩыза аҿар ассоциациаҿы игыланы иҟоуп, убарҭ иахьа аусқәа имҩаԥырго ҳарзааҭгылозар, анкьатәиқәа иреицәаӡам. Аҿар рааӡароуп хықәкыс иҟоу. Иалоу акультура, аҟазара ахаҭранакцәа (ассоциированные члены) — руск иалацәажәар рҭахызар урҭгьы алшара рымоуп. Аха, ақьаад аҿы иҭыжьу еиҳа хра шамоу ҳхамышҭыроуп", — саҭеикит иара.
Хымԥада, арҭ зыӡбахә сымоу аиҿкаарақәа ҳбызшәа аҿиара амаҵ азызуа роуп, убри аҟынтә рҽеидкыланы, ргазеҭқәеи, ржурналқәеи ирныло абырҵкал икылхны, аԥхьаҩ ибаратәы, азҿлымҳара аиҭаратәы аҟаҵаразы амҩа ылырхыр, еиҳа еиӷьхошәа збоит. Вахтанг Аԥҳазоу игәаанагара сирҳаит аидылара ԥсыхәас иамоу азы:
"Уи ибҳәо азы ацәажәара ыҟоижьҭеи акыр ҵуеит. Апроцедура ыҟоуп азинтә шьаҭа аҭаны иҟаҵатәуп. Сара агәра бсыргоит хыхь аиҳабыра рыла иҟамлакәа акымзарак шалымҵуа".
Араҟа Аԥҳазоу имакра уадаҩуп, аиҿкаарақәа злашьақәгылоу афинансқәа рацәамзаргьы, аҳәынҭқаара абиуџьет аҟынтә ауп иахьаауа. Ус анакәха, аиҳабыра ирҳәароуп — ҩ-еиҿкаарак рыҟазаара қьар алам, убри аҟынтә, шәыԥҟаԥҵәақәа еиқәыршәаны акны шәҟалароуп ҳәа. Аха, аиҳабыра алитература аҿиара апроцесс уеизгьы-уеизгьы хыхьс ирмамазар? Иҟоуп аиҿкаарақәа ҩба, иҟазааит, рыбжьы дмыргалааит, амала ҳәа ихәыцуазар? Сара исыҩуа иақәшаҳаҭым ҟалозар, асаит аҿы ианҭыҵлак иаԥхьо ргәаанагара саҳар даараӡа исҭахуп.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Занҭариа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахыдҵақәа ирызкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2024
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Занҭариа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахыдҵақәа ирызкны
Хаз-хазы аҟазааразы Ажьиба абас иҟаз ахҳәаа сиҭеит: "Ҩыџьа аишьцәагьы еиҿыҵуеит, аха дара-дара еицхырааралоуп". Ари иашахон аиҿкаарақәа рышәҟәқәа ҭины, рхала рхы рбозҭгьы, уи иахьазгьы иара уаҵәгьы ҟалашьа змам ауп, аԥсуа сахьаркыратә литература иадҳәало ашәҟәқәа рыҭира хашәала дук шунамҭо уазхәыцуазар. Араҟа арҭ аиҿкаарақәа рныҟәгара зҟәаҟәа иқәу ашәахтәшәаҩ иакәхеит, ус анакәха оптимизациа ззырҳәо ҟаҵаны, ажурнал "Алашара" аҿы иҿыцу, ихырку аҩымҭақәа ӡырго, агонорарқәа шьҭыхны, авторцәа аҩразы агәаԥхара роуа иҟаҵазар еиӷьазар?

"Сара сгәанала ари азҵаара ақәыргыларазы аԥхьа, дара рыҩнуҵҟа рыԥҟапҵәа еилдыргароуп. Уажәы ишыҟоу ала иаԥсаӡам алацәажәара, избанзар, ашәҟәыҩҩцәа рассоциаициа ҳәа ахьӡ анаиу, иалоу шәҟыҩҩцәазароуп. Акультура аусзуҩцәа дарбанзаалак далалар илшоит. Ари закәи? Ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхаӡом. Ус аидылара мап ацәаҳкӡам. Уа аизара аныҟаз ирҳәеит ишәҭахызар шәааи ҳәа. 90 шықәса зхыҵуа Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ҳара Ассоциациахь ҳнеироума? Сара идеиақәак сымоуп, иҟоуп зҵаарақәак ҳара дара рыда иаҳзымыӡбо, даргьы убас…" — иҳәеит Аԥҳазоу ҳазлацәажәоз азҵааразы.
Абасала, "акьаҿ дҩамӡеит, ау дымлаҟәит" шырҳәо еиԥш, макьаназы аидылара азҵаара ашәҟәыҩҩцәа рҟынтәи дгылара амӡам. Исызгәаауазаргьы, абри аҩыза ахшыҩҵак сзааит — хантәаҩыс уҟазар еиҳа еиӷьуп, ус аиҿкаара уалазар аҵкыс. Дхантәаҩуп рҳәоит, алҵшәа уеизгьы-уеизгьы иашьҭада?
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0