https://sputnik-abkhazia.info/20220730/ashytsa-reizara-du-apoezia-aproza-alashara-ashbati-anomer-yit-1040601230.html
Ашәҟәыҩҩцәа Реизара Ду, апоезиа, апроза: "Алашара" аԥшьбатәи аномер ҭыҵит
Ашәҟәыҩҩцәа Реизара Ду, апоезиа, апроза: "Алашара" аԥшьбатәи аномер ҭыҵит
Sputnik Аҧсны
Апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Sputnik азы иазирхиеит ажурнал сынтәатәи аԥшьбатәи аномер ахҳәаа. 30.07.2022, Sputnik Аҧсны
2022-07-30T12:00+0300
2022-07-30T12:00+0300
2022-07-30T12:05+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/13/1040359566_0:376:2048:1528_1920x0_80_0_0_52ff8e03c58673914a00d17c8fc8a213.jpg
Иҭыҵит ажурнал "Алашара" аԥшьбатәи аномер. Ҳазну ашықәс, 2022 шықәса мшаԥымза 27 рзы Иван Гьаргь-иԥа Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла изаамҭанытәиу 14-тәи Аизара Ду. Ажурнал абри аномер иануп Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла имҩаԥнагаз убри Аизара Ду аҟынтәи уа изыԥхьаз Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоуи ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлааи ражәахә хадақәа.Сара Аԥсны есхәышықәса Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла имҩаԥнаго Аизара Дуқәа хәба сыҽрыласырхәхьеит. Раԥхьаӡа 21 шықәса сырҭагылан 9-тәи Аизара Ду саналахәыз. Уи мҩаԥысуан иахьа ибылны игылоу ахан ду аҿы, анкьа Ленин иашҭа ҳәа изышьҭаз усҟантәи аиҳабыра зыҩназ аҩн ду иреиҳаӡоу азал аҟны аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Реизара Ду анымҩаԥысуаз. Усҟан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабыс даман Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа. Иазгәаҭатәуп, усҟан урҭ аизарақәа зегьы шамахак аимак-аиҿак рыцны, аҭыӡшәақәагьы рыгымкәа, аха аинтерес ду рыҵаны ишымҩаԥысуаз.Усҟангьы, иахьеиԥш, Аԥсны даара аибарххарақәа цон, аха, зегьы акоуп, аиҳабыра есымша ашәҟәыҩҩцәа, аинтеллигенциа рыбжьы иазыӡыҩруан. Урҭ иқәдыргылоз азҵаарақәа, даара ихьанҭамзар, анагӡара рылшозар, ираҩсӡомызт аиҳабырагьы, избанзар, урҭ рҵәаӷәаҟаԥшь ианахыс, ишырымшаҭоз рдыруан! Иара убасгьы, Аизара Ду "Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа" аусқәа ирхылаԥшуеит, хәышықәса рыҩнуҵҟа Аизара дуқәа рыбжьара ашәҟәҭыжьымҭа атемплан аиқәыршәашьеи, ашәҟәқәа рҭыҵшьеи алаԥш иҵнажьуеит.Убри аганахь ала, ашәҟәыҩҩцәеи ажурнали есымша аигәныҩреи, аизааигәара бзиеи рымоуп, ажурнал аԥсы ҭакны изку ашәҟәыҩҩцәа роуп, ԥсыԥ лагаҩагагас иамоу дара роуп!Араҟа ҳара иаҳкьыԥхьуеит ашәҟәыҩҩцәа иреиӷьӡоу рырҿиамҭақәа - апоезиа, апроза, акритика, адраматургиа, апублицистика, аҭҵаарадырра, асатиреи аиумори. Ажурнал убарҭ зегь шьҭнахуеит, урҭ амахәҭақәа зегьы амазароуп! Ашықәс анынҵәо урҭ ажанрқәа зегьы рҟынтәи иреиӷьӡақәоу алхны, маӡалатәи бжьыҭирала апремиақәа ранаҳшьоит.Ажәакала, ашәҟәыҩҩцәа хәышықәса рҟнытә знык имҩаԥысуа Реизара Ду наҟ-наҟтәи амҩаду алашареиԥш ианыҷҷалоит, илнахуеит аҩымҭа бзиақәа рзы амҩа!Ажурнал апоезиа аҟәшаҿы иануп Аԥсны жәлар рпоет Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, апоет Гәында Кәыҵниаԥҳа лажәеинраала ҿыцқәа. Урҭ ирныԥшуеит аԥсадгьыл абзиабареи, ахаан иҿымцәаауа абызшәа агәыбылреи, уаҵәтәи амш азхәыцреи. Абраҟа иааҳгоит урҭ ажәеинраалақәа рҟынтәи еиҳа икьаҿу, аха агәҭахәыцра ҵаулақәа зныԥшуа руак:***Сыԥсуеит санзымыҩуа аҽны,Иҭацәу аҩнеиԥш сынхоит сҭацәны,Сеирыӡны игәхьаазго аӡы,Ма сҳаԥшьаны изҭам аҩы.Иҿажәкуа адгьыл сеиԥшхоит ма,Хыхьтә иазыԥшу иԥшьоу ақәа.Иаарҩарахар сара сгәаҿы,Ижәу Ацуныҳәа аӡаҿы.Саанымхарц сӡиасны иҭабаз,Сырҩашны, ииаҩрны ицаз,Ма сеиԥшны аӡы зҵабаз аԥсыӡ,Аҳауа ззымхакәа иԥсыз.Сынтәа еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, адраматург, асатирик Шоҭа Ҷкадуа диижьҭеи 90 шықәса ҵит. Абри арыцхә аҳаҭыраз ажурнал ианылеит ашәҟәыҩҩы ипрозатә ҩымҭақәа иреиӷьу рахь иԥхьаӡоу иажәабжь "Уск сымоуп, дад…""Зеиԥш ҟамлац ассир" ахьӡуп апоет, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, апоет Гунда Сақаниаԥҳа аҿари ахәыҷқәеи ирызку лпоема.110 шықәса ҵит еицырдыруа аԥсуа поет, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Шьалуа Ҵәыџьба диижьҭеи. Ажурнал "Алашара" иакьыԥхьит апоет иреиӷьӡоу иажәеинраалақәа. Абраҟа иааҳгоит урҭ руак:АԤШӘМА ХӘЫҶЫЗани заби гәылара ицазАҷкәын, ашҭаҿы дыхәмаруан ихала."Ҳаанӡа ԥшәымас уҟала" зарҳәаз,Ихәыҷӡоу иакәын – фба дреиҳам шықәсыла.Шымҳак амҵан дшыхәмаруаз ахәыҷы,Дҩаҵҟьеит, ихәмаргақәа зегь нкаԥсаны:"Аԥшәма, аԥшәма! Уҟоума аҩны?"Бжьык абас иаагеит агәашә ду аҿы.Ихылԥарч ихаршьшьы, уапа дук ишәны,Ашҭа нҭыҵ ибыргыз ҽуаҩык дгылан.Алахь ҿашаӡа дзықәтәаз аҽы,Ашҭа ҿыцбарах ибаны иӡыӡымкуан.Ахәыҷы асас днеиԥылан, инеиҳәеит,Дыццакуа, ажәакгьы даҿамхаӡакәа:"Дии бабеи шьыжьӡа џьара ицеит,Аха... са сыҟами... шәааи аҩныҟа!".Апроза аҟәшаҿы ажурнал иануп сынтәа диижьҭеи 120 шықәса ҵыз апоет гәлымҵәах Сҭеԥан Қәычбериа иналукааша иажәабжь "Еиҭеиз". Иара убасгьы ари аҟәшаҿы ражәабжьқәа ануп ҳаамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа Валери Касланӡиеи, Заира Ҭҳаиҵыкәи, Аԥсны Абыргцәа рхеилак аиҳабы Аполлон Думааи ражәабжьқәа.110 шықәса ҵит сынтәа еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран Шамил Аҟәысба диижьҭеи. Абри арыцхә бзиа аҳаҭыраз ажурнал ианнаҵеит ашәҟәыҩҩы иажәабжь "Ԥыррак аҿы".Сынтәа ашәҟәыҩҩы, асатирик Заур Быҭәба 80 шықәса ихыҵит. Ажурнал абри аномер иануп ашәҟәыҩҩы иналукааша иажәабжьқәа рыхәҭак.Ажурнал аҭҵаарадырреи, афольклори, аетнографиеи, агәалашәарақәеи рыҟәшақәа рҿы иануп Зураб Џьапуеи, Руслан Қапбеи, Валери Бигәааи, Владимир Аҳашбеи, Алина Ачԥҳаи рырҿиамҭақәа.Иара убасгьы аԥхьаҩ иԥылоит араҟа дзырлахҿыхша апародиақәеи аепиграммақәеи.
https://sputnik-abkhazia.info/20220428/byzsha-iaatyshaou-asny-ashytsa-14-ti-reizara-du-maysit-1038857240.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220206/azha-bzia-asy-akhaz-geieit-apoet-ysh-ainar-yanaa-izkny-1037441466.html
https://sputnik-abkhazia.info/20200726/Apoet-Gunda-Saaniaa-esyngy-abziara-sagyueit-abziara-zbalar-sakhup-azy-1030597221.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210829/Aikha-ialkhu-aibashy-Shamil-Aysba-igalasharazy-1033115967.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/13/1040359566_0:184:2048:1720_1920x0_80_0_0_16727b85e3d659e0a0a1f784e5d01b54.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Ашәҟәыҩҩцәа Реизара Ду, апоезиа, апроза: "Алашара" аԥшьбатәи аномер ҭыҵит
12:00 30.07.2022 (ирҿыцуп: 12:05 30.07.2022) Апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Sputnik азы иазирхиеит ажурнал сынтәатәи аԥшьбатәи аномер ахҳәаа.
Иҭыҵит ажурнал "Алашара" аԥшьбатәи аномер. Ҳазну ашықәс, 2022 шықәса мшаԥымза 27 рзы Иван Гьаргь-иԥа Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла изаамҭанытәиу 14-тәи Аизара Ду. Ажурнал абри аномер иануп Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла имҩаԥнагаз убри Аизара Ду аҟынтәи уа изыԥхьаз Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоуи ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлааи ражәахә хадақәа.
Сара Аԥсны есхәышықәса Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла имҩаԥнаго Аизара Дуқәа хәба сыҽрыласырхәхьеит. Раԥхьаӡа 21 шықәса сырҭагылан 9-тәи Аизара Ду саналахәыз. Уи мҩаԥысуан иахьа ибылны игылоу ахан ду аҿы, анкьа Ленин иашҭа ҳәа изышьҭаз усҟантәи аиҳабыра зыҩназ аҩн ду иреиҳаӡоу азал аҟны аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Реизара Ду анымҩаԥысуаз. Усҟан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабыс даман Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа. Иазгәаҭатәуп, усҟан урҭ аизарақәа зегьы шамахак аимак-аиҿак рыцны, аҭыӡшәақәагьы рыгымкәа, аха аинтерес ду рыҵаны ишымҩаԥысуаз.
Усҟангьы, иахьеиԥш, Аԥсны даара аибарххарақәа цон, аха, зегьы акоуп, аиҳабыра есымша ашәҟәыҩҩцәа, аинтеллигенциа рыбжьы иазыӡыҩруан. Урҭ иқәдыргылоз азҵаарақәа, даара ихьанҭамзар, анагӡара рылшозар, ираҩсӡомызт аиҳабырагьы, избанзар, урҭ рҵәаӷәаҟаԥшь ианахыс, ишырымшаҭоз рдыруан!
Усҟангьы, уажәгьы Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла есымша алаԥш иҵшәаӡом Аидгыла иатәу ажурналқәеи агазеҭқәеи рҭыҵшьеи, урҭ идеиа хадас ирымоу анагӡашьеи, ҳбызшәа ахьчареи, ҳашәҟәыҩҩцәа рҭагылазаашьа аиӷьтәшьеи, аҩра иаҿу аҿар рыцхыраареи, ҳбызшәаҟынтә атәым бызшәақәа рахь иреиӷьӡоу аҩымҭақәа реиҭагареи, абарҭ апроблема хадақәа зегьы аизара иқәнаргылоит, нас, хәышықәса рыҩнуҵҟа иаӡбоит.
Иара убасгьы, Аизара Ду "Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа" аусқәа ирхылаԥшуеит, хәышықәса рыҩнуҵҟа Аизара дуқәа рыбжьара ашәҟәҭыжьымҭа атемплан аиқәыршәашьеи, ашәҟәқәа рҭыҵшьеи алаԥш иҵнажьуеит.
Убри аганахь ала, ашәҟәыҩҩцәеи ажурнали есымша аигәныҩреи, аизааигәара бзиеи рымоуп, ажурнал аԥсы ҭакны изку ашәҟәыҩҩцәа роуп, ԥсыԥ лагаҩагагас иамоу дара роуп!
Араҟа ҳара иаҳкьыԥхьуеит ашәҟәыҩҩцәа иреиӷьӡоу рырҿиамҭақәа - апоезиа, апроза, акритика, адраматургиа, апублицистика, аҭҵаарадырра, асатиреи аиумори. Ажурнал убарҭ зегь шьҭнахуеит, урҭ амахәҭақәа зегьы амазароуп! Ашықәс анынҵәо урҭ ажанрқәа зегьы рҟынтәи иреиӷьӡақәоу алхны, маӡалатәи бжьыҭирала апремиақәа ранаҳшьоит.
Ажәакала, ашәҟәыҩҩцәа хәышықәса рҟнытә знык имҩаԥысуа Реизара Ду наҟ-наҟтәи амҩаду алашареиԥш ианыҷҷалоит, илнахуеит аҩымҭа бзиақәа рзы амҩа!
Ажурнал апоезиа аҟәшаҿы иануп Аԥсны жәлар рпоет Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, апоет Гәында Кәыҵниаԥҳа лажәеинраала ҿыцқәа. Урҭ ирныԥшуеит аԥсадгьыл абзиабареи, ахаан иҿымцәаауа абызшәа агәыбылреи, уаҵәтәи амш азхәыцреи. Абраҟа иааҳгоит урҭ ажәеинраалақәа рҟынтәи еиҳа икьаҿу, аха агәҭахәыцра ҵаулақәа зныԥшуа руак:
Сыԥсуеит санзымыҩуа аҽны,
Иҭацәу аҩнеиԥш сынхоит сҭацәны,
Иҿажәкуа адгьыл сеиԥшхоит ма,
Хыхьтә иазыԥшу иԥшьоу ақәа.
Саанымхарц сӡиасны иҭабаз,
Ма сеиԥшны аӡы зҵабаз аԥсыӡ,
Сынтәа еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, адраматург, асатирик Шоҭа Ҷкадуа диижьҭеи 90 шықәса ҵит. Абри арыцхә аҳаҭыраз ажурнал ианылеит ашәҟәыҩҩы ипрозатә ҩымҭақәа иреиӷьу рахь иԥхьаӡоу иажәабжь "Уск сымоуп, дад…"
"Зеиԥш ҟамлац ассир" ахьӡуп апоет, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, апоет Гунда Сақаниаԥҳа аҿари ахәыҷқәеи ирызку лпоема.
110 шықәса ҵит еицырдыруа аԥсуа поет, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Шьалуа Ҵәыџьба диижьҭеи. Ажурнал "Алашара" иакьыԥхьит апоет иреиӷьӡоу иажәеинраалақәа. Абраҟа иааҳгоит урҭ руак:
Аҷкәын, ашҭаҿы дыхәмаруан ихала.
"Ҳаанӡа ԥшәымас уҟала" зарҳәаз,
Ихәыҷӡоу иакәын – фба дреиҳам шықәсыла.
Шымҳак амҵан дшыхәмаруаз ахәыҷы,
Дҩаҵҟьеит, ихәмаргақәа зегь нкаԥсаны:
"Аԥшәма, аԥшәма! Уҟоума аҩны?"
Бжьык абас иаагеит агәашә ду аҿы.
Ихылԥарч ихаршьшьы, уапа дук ишәны,
Ашҭа нҭыҵ ибыргыз ҽуаҩык дгылан.
Алахь ҿашаӡа дзықәтәаз аҽы,
Ашҭа ҿыцбарах ибаны иӡыӡымкуан.
Ахәыҷы асас днеиԥылан, инеиҳәеит,
Дыццакуа, ажәакгьы даҿамхаӡакәа:
"Дии бабеи шьыжьӡа џьара ицеит,
Аха... са сыҟами... шәааи аҩныҟа!".
Апроза аҟәшаҿы ажурнал иануп сынтәа диижьҭеи 120 шықәса ҵыз апоет гәлымҵәах Сҭеԥан Қәычбериа иналукааша иажәабжь "Еиҭеиз". Иара убасгьы ари аҟәшаҿы ражәабжьқәа ануп ҳаамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа Валери Касланӡиеи, Заира Ҭҳаиҵыкәи, Аԥсны Абыргцәа рхеилак аиҳабы Аполлон Думааи ражәабжьқәа.
110 шықәса ҵит сынтәа еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран Шамил Аҟәысба диижьҭеи. Абри арыцхә бзиа аҳаҭыраз ажурнал ианнаҵеит ашәҟәыҩҩы иажәабжь "Ԥыррак аҿы".
Сынтәа ашәҟәыҩҩы, асатирик Заур Быҭәба 80 шықәса ихыҵит. Ажурнал абри аномер иануп ашәҟәыҩҩы иналукааша иажәабжьқәа рыхәҭак.
Ажурнал аҭҵаарадырреи, афольклори, аетнографиеи, агәалашәарақәеи рыҟәшақәа рҿы иануп Зураб Џьапуеи, Руслан Қапбеи, Валери Бигәааи, Владимир Аҳашбеи, Алина Ачԥҳаи рырҿиамҭақәа.
Иара убасгьы аԥхьаҩ иԥылоит араҟа дзырлахҿыхша апародиақәеи аепиграммақәеи.