Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 209 ҭадырхеит
09:45 21.07.2026 (ирҿыцуп: 10:03 21.07.2026)

© Sputnik / Станислав Красильников
Анапаҵаҩра
Есыҽны Украинатәи Арбџьармчқәа рдронқәа Урыстәыла аҵакыраҿ ажәылара мҩаԥыргоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 21 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 209 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Ростовтәи, Риазантәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегиони,
Краснодартәи атәылаҿацәи, Ҟрыми, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылареи рҿы.