Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 223 ҭадырхеит
09:57 23.07.2026 (ирҿыцуп: 10:33 23.07.2026)

© Sputnik / Станислав Красильников
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 23 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 223 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Орловтәи, Оренбургтәи, Ростовтәи, Риазантәи, Самаратәи, Саратовтәи, Твертәи, Тулатәи, Улиановтәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегион, Ҟрым, Ҭаҭарсҭан, Азовтәи амшын ақәыԥшылараҿы.
Ҟрым аҧырҩы дызҭам ахархәанақәа ржәылара иахҟьаны аӡәы дҭахеит, ҧшьҩык ахәра рыҭоуп, урҭ рахьтә ҩыџьа — хәыҷқәоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит агубернатор Сергеи Аксионов.