Нестор Цужба жәларбжьаратәи атурнир Regata Junior Trophy аҿы аиааира игеит
11:00 01.08.2026 (ирҿыцуп: 11:24 01.08.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 1 — Sputnik. Нестор Цужба жәларбжьаратәи атурнир Regata Junior Trophy аҿы аиааира игеит.
15 шықәса зхымҵыц арԥарцәа рыбжьара ҩыџьа-ҩыџьалатәи ахәмарраҿ, Егор Баранов ицыхәмаруаз аԥснытәи аԥкьатмпыласҩы ахьтәы медал даԥсахеит.
Атурнир мҩаԥысуеит ԥхынгәы 27 инаркны нанҳәа 2 рҟынӡа Кишиниов, Tennis Europe ахылаԥшрала ҳәа адырра ҟанаҵеит Аҳәынҭспортеилакы.
Нестор Цужба 13 шықәса ихыҵуеит. Иара 15 шықәса зхымҵыц аспортсменцәа Урыстәыла еизгоу акоманда далахәуп. Урыстәыла зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Александр Златоустов инапхгарала аспорттә клуб "Спартак" аҿы иҽазыҟаиҵоит.