Аԥсны акьатеи чымазарақәа зыхьуа рхыԥхьаӡара ашьҭыҵра иалагеит
13:09 06.08.2026 (ирҿыцуп: 13:41 06.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 6 — Sputnik. Аԥсны акьатеи чымазарақәа зыхьуа рхыԥхьаӡара ашьҭыҵра иалагеит, абри атәы лҳәеит атәыла асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева, арадио Sputnik аинтервиу аҭо.
Ачымазара алаҵәара мзыз хадас иамоу — агигиена ақәымныҟәара ауп.
"Иацы Гагра асасааирҭа дуқәа ҩба рҿы сыҟан, ауаа акрыфарҭа ианыҩналоз срышьклаԥшуан. Сара избоз ҩыџьа заҵәык роуп, акрыфараҳәа инеиаанӡа знапқәа зыӡәӡәаз", — лҳәеит Белиаева.
Асанитартә ҳақьым лажәақәа рыла, сынтәа акьатеи чымазарақәа рцәырҵра абжьааԥны аасҭа ихьшәаны иалагеит, уи амш ахьшәашәара иадҳәалоуп.