Аԥснынтәи аиқәырхаҩцәа Сириус имҩаԥысуаз аицлабрақәа ирылахәын
13:44 06.08.2026 (ирҿыцуп: 13:48 06.08.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 6 — Sputnik. Аԥснынтәи аиқәырхаҩцәа Сириус имҩаԥысуаз аицлабрақәа ирылахәын.
Аицлабрақәа аӡаҿы аиқәырхаҩ Жәларбжьаратәи имш иазкын. Ареспублика ахьӡала иқәгылон Гәылрыԥшь араион аҟынтәи аиқәырхаҩцәа ркоманда "Агәыӡереи", Аԥсны АҶА Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуеи ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
"Рыцҳарас иҟалаз, Аԥсны аплиажқәа рҿы ззанааҭдырра ҳараку аиқәырхаҩцәа разымхара апроблема актуалра аманы иаанхоит. "Сириус" аҿы иҳауз аԥышәа аиқәырхаратә система аиӷьтәразы ихәарҭоуп, ари аус активла рҽаладырхәроуп ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рхадарақәа", — азгәеиҭеит Сабуа.
Алахәылацәа еицлабуан абарҭ адисциплинақәа рҿы: "аҩра — аӡсара — аҩра", ашхәаҵшьра, иҷыдоу амаҭәахәқәеи асап-ӷәқәеи рхархәарала аӡаҿы ауаа реиқәырхара, раԥхьатәи ацхыраара аҭара, аӡы аҵаҟа аԥсыԥлагаҩагара аанкылара.
Аиааира ргеит: акоманда "Бриџь Резорт", аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит "Конгресс", ахԥатәи — акурорт "Роза Хутор" аплиаж ахаҭарнакцәа.