Амқәаб еиҭеиҳәеит Аԥсны аекономика аҿиараз аԥыжәара змоу иарбан хырхарҭақәоу
15:46 06.08.2026 (ирҿыцуп: 17:45 06.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 6 — Sputnik. Аԥсны аекономика аҿиараз аԥыжәара змоу хырхарҭақәоуп — ақыҭанхамҩа адгылара аҭареи ааглыхратә ҭыжьра ахышәа-ҵышәа аизырҳареи иҳәеит Аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб.
Астол гьежь "Аԥсны Аҳәынҭқарра аефирхәшатә усхк аиҭарҿиара: абиԥарақәа рышьҭреимадара ԥхьаҟатәи аԥеиԥш шьаҭас иамоуп" аатит иахьа Аԥснытәи ақыҭанхамҩа аҭҵаарадырра-ҭҵааратә институт аҿы.
"Зыӡбахә ҳамоу аекспорт иазырхоу ааглыхрақәа роуп. Апроект қәҿиарала анагӡара залыршахом ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахышәа-ҵышәа иацымҵакәа, даҽакала иуҳәозар, анаҩс аҭыжьразы, аарыхратә мчхарақәа раԥҵаразы, аусурҭатә ҭыԥқәа раԥҵаразы аӡа иацымҵакәа", — азгәеиҭеит иара.
Астол гьежь аихшьаалақәа рыла, аексперттә еилазаара ашьақәыргылареи, аефирхәшатә усхк аҿиаразы ажәалагалақәа разырхиареи, аусуратә гәыԥ аԥҵареи, уи аиҭарҿиара апрограмма анагӡаразы анаҩстәи ашьаҿақәа ралкаареи азгәаҭоуп.