Урыстәылантәи иаагаз арҵаратә литература Аԥсны ашколқәа рахь еихшоуп
16:32 11.08.2026 (ирҿыцуп: 17:40 11.08.2026)

CC0 / /
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 11 — Sputnik. Урыстәылантәи иаагаз арҵаратә литература Аԥсны ашколқәа рахь еихшоуп.
Ашәҟәқәа дәықәырҵеит Гәылрыԥшьи Тҟәарчали араионқәа рахь, иара убас Аҟәатәи абжьаратә школ №1 ахь.
Зынӡа ареспубликахь Урыстәылантәи нанҳәа 3 рзы иааргеит 24 нызқь цыра аурыс бызшәеи алитературеи, аматематикеи, алгебреи, агеографиеи, афизикеи аинформатикеи рзы арҵагашәҟәқәа.
Урыстәылатәи ацхыраара аганахь ала раԥхьаӡакәны ареспубликахь иааргеит аинформатиказы арҵагашәҟәқәа — 2000 цыра.
Ашәҟәқәа рагара ҩ-тәылак рҵара аминистрцәа Хана Гәынбеи Сергеи Кравцови реиқәшаҳаҭрақәа ирылҵшәахеит. Арҵагашәҟәқәа Аԥсныҟа иааргеит агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рыдгыларазы афонд "Сара сҭоурых".