Аӡтәы маланыҟәақәа қьырала рыҭаразы астанциа "Аԥсуа цәқәырԥа" аатит Аҟәа
16:30 12.08.2026 (ирҿыцуп: 18:00 12.08.2026)

© Foto / Говорит Сухум
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 12 — Sputnik. Аӡтәы маланыҟәақәа қьырала рыҭаразы астанциа "Аԥсуа цәқәырԥа" аатит Аҟәа.
Апроект напхгара аиҭоит аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҿы аиааира згаз Леон Кәарҷиа. Аӡтәы маланыҟәақәа урыстәылатәи аҭыжьыҩцәа алархәны иҟаҵоуп, аԥсуа џьоуҳарла иҩычоуп.
Аӡсагақәа еиқәыршәоуп ажәҩақәа, аиқәырхаратә кьаҿқәа, ацәаакырахьчагатә шәырақәа, аспиннинг азы аибаркыгақәа рыла. Урҭ зегьы ашәарҭадаразы агәаҭарақәа ирхысит.
Аԥхьаҟа аиԥш зеиԥшу астанциақәа раартра ргәы иҭоуп Гагра, Афон ҿыц, Пицунда, аӡиа Риҵа, иара убас Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа рҿы.
Амаланыҟәақәа реиҿартәышьа иалнаршоит згәабзиаратә лшарақәа ԥку, мамзаргьы аԥҟарақәа ирхысыз апациентцәеи рреабилитациазы рхархәара. Уи азы аиҿкааҩцәа ирыгәҭакуп асанаториақәеи амедицинатә усбарҭақәеи аус рыцура.
Зынӡа аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" иалахәын 1000-ҩык инареиҳаны, аиааира ргеит 48-ҩык, урҭ зегьы рхатәы проект анагӡаразы миллионк-миллионк мааҭ роуит.
Аицлабра еиҿкаан ИАЕ "Аԥсны акомандеи", ИАЕ "Урыстәыла — алшарақәа ртәылеи", Аԥсны ахада Иусбарҭеи, Атуризм аминистрреи рыцхыраарала.