00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
08:00
30 мин
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Атеатраҿ ахымҩаԥгашьеи аԥсуареи рышьхәа еивҵоуп…

© Sputnik / Томас ТхайцукЗрители
Зрители - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2026
Анапаҵаҩра
Атеатр атема иацҵо, даҽа зныкгьы аетикет, мамзаргьы ахымҩаԥгашьа иадҳәало атема ҿыц сазааҭгыларц сҭахуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы игәауҭоит атеатр аҭаара хшыҩзышьҭра азызуа ауаа рхыԥхьаӡара шеиҳахо. Иҟан аамҭақәак инеиԥынкыланы ҳтеатрқәа аус анырымуаз, арепертуар анхьысҳас. Ус иҟан аибашьра анеилга нахыс акыр шықәса. Насыԥны, аҭыԥантәиқәагьы, ҳтәыла иаҭаауа атуристцәагьы атеатрқәа рахь рныҟәарақәа шеиҳахаз убаратәы иҟоуп. Аха, аха анырҳәо гәынамӡарак шыҟоу угәы азҩоит.
Ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа, ижәбахьома ҳаԥсрақәеи ҳаԥсхәрақәеи, иааидкыланы ҳацәгьеи ҳабзиеи рҿы аетикет акыр аҽшаԥсахыз? Ҳәарада, иааҳакәыршаны иҟоу адунеи еиԥш, ҳаргьы ҳаԥсҭазаара аҽеиҭанакуеит. Аиҭакрақәа мҩаԥысуеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы. Аха, иҟоуп жьымдырҵас иҳаланагало, иҳаԥсахырц иаҳуалу. Шәара ижәбахьоума аԥсраҿы аиқәа рышьаҵаны аҳәса аннеиуа, ижәбахьоума аспорт еимаақәа рышьаҵаны ҳәсеи хацәеи аҵәыуара ишықәло? Сара избахьеит. Изхысҳәаауа, аҽеилаҳәара аганахьала ҳәсагьы хацәагьы ҳҽаҳаԥсахит, европатәи астильқәа шьҭаҳхит, акәымжәи акабеи ашәҵара асценаҿы мацара инхеит, уи иаабац аԥсҭазаараҿы аныҟәгара мариам азы. Аха иҟоуп ҭыԥқәак ишабалак уахьзымнеиуа. Убрахь иаҵанакуеит ацәгьеи абзиеи.
Премьера спектакля в абхазском театре Эшелон - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2026
Аԥсны
Ииасуа атеатртә сезон азхәыцра…
Ҳаԥсуара ахатәы етикет шамоу еиԥш, атеатртә культурагьы аетикет амоуп насгьы, ҳара ҳҿы мацара акәымкәа, атеатрқәа ахьҿио аҳәынҭқаррақәа зегьы рҿы. Асовет аамҭа сазыхынҳәырц сҭахуп. Усҟан, аџьинс зшьаҵаны атеатрахь инеиуаз ахәаԥшҩы ддыргьежьуан, атеатр дыҩнарҵомызт. Ҳанстудентцәаз уи бзианы иҳаилдыркаахьан аҟынтә, алекциақәа рышьҭахь атеатр ахь ацара ҳгәы иҭазар, азеиԥшынхарҭахь ҳцаны ҳҽеилаҳәаны ахәылбыҽха ҳцон. Атеатрқәа зегьы ирымоу аԥҟарақәа шамаха еиԥшуп. Аспектакль агхара ҟалаӡом, ианаамҭоу уҩналаны уҭыԥ аанукылароуп. Уагхазаргьы абилитиор лымеида умамакәа азал аҿы аспектакль шцо аҭыԥ аԥшаара азин ыҟаӡам. Аӡын хыхьтәи амаҭәа акнаҳарҭаҿы иныжьтәуп. Абарҭқәа рнаҩсан, атеатр ахь анеира зҭаху аклассика иашьашәаланы иҽеилеиҳәароуп. Еиҳаракгьы апартер аҿы зҭыԥқәа аанызкыло ауаа, уи хшыҩзышьҭра арҭар ахәҭоуп ишьақәгылахьо атеатртә традициақәа рыла.
Иахьатәи астудентцәа аҽеилаҳәаразы аамҭеи алшареи рымамзар, урҭ хыхьтәи аиарусқәа, агалиорка аҿы рҭыԥқәа ылырхыр ҟалоит. Имаҷӡам атеатртә етикет ззырҳәо иаҵанакуа аԥҟарақәа аха, иахьа зегь реиҳа ирыцҳахараны иҟоу аҭел акәхеит. Шәахьцалакгьы, шәызҭаауа иарбан театрзаалак аҿы ишәаҳауеит адиктор ибжьы - аҳәара ҟаҳҵоит аспектакль цонаҵы шәҭелқәа шәырцә, ма абжьы шәырмаҷ, авидео ҭышәымхлан, уи актиорцәа ирԥырхагоуп ҳәа. Абжьы гоит, аха иназыгӡо маҷыҩхеит. Сара исызҳәом уи аԥҟара еилазго аҿар рымацара роуп ҳәа. Мап, уи еиларгоит аиҳабацәагьы. Аспектакль цоит, дара рҭелқәа ирҭагьежьуеит. Ари акыр ирԥырхагоуп аспектакль аҿы ихәмаруа актиорцәа рзеиԥш, иара иахәаԥшуа рзгьы. Ахәаԥшҩы иибаша абжакы иаҩсны ицоит аҭел данҭо.
Аибашьра ашьҭахь акыр имаџьанан ҳтеатрқәа ахәаԥшцәа рганахьала, убри аҟынтә, хыхь исҳәоз аҽеилаҳәара атәы ҳгозар, уамак иацклаԥшуамызт, инеиуаз зегь аднакылон. Ишнеишнеиуаз аԥсҭазаара шьақәгылт, аха ашьцылара шыҟаз иаанхеит.
Здание РУСДРАМа в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2026
Аԥсны
Акультуратә еимадарақәа рызхәыцра, мамзаргьы адоуҳатә цыфа азхьра
Аурыс кәашаҩы, Москва Атеатр ду ( Большой театр) априма балерина Светлана Захарова линтервиуқәа руак аҿы абас лҳәеит аетикет дахцәажәо: "Баша аселфи аҟаҵаразы шәааизаргьы, сшәыҳәоит, шәҽеиҿкааны шәҽеилашәаҳәала" ҳәа. Захарова уи баша илымҳәаӡеит, сызлацәажәо апроблема дара рҿгьы иҟоуп азоуп уи дзазааҭгыло.
Иахьа иҟоуп алшара, зынӡагьы зыхә цәгьам атеатр ахь ацәырҵазы амаҭәа аԥшааразы. Атеатр ахь аџьинс ззырҳәо аботасқәа аҵарԥало аҽеибыҭара зынӡа аԥҟарақәа ирықәшәом. Аха, макьаназы арҭ аԥҟарақәа еилазго рацәаҩуп. Иҩбахаз, аспектакль алагаанӡа актәи аҵәҵәа шгалакгьы, атеатр иаҭааз азал ахь иҿынеихароуп. Аха араҟагьы, чарак ахь инеизшәа рҽагырханы рҿынархоит зны-зынла ҳахәаԥшцәа. Ииашоуп, иҟоуп ирлас-ырласны аспектакльқәа ирҭаауа, атеатртә культура змоу ауаагьы. Уи хымԥада иубарҭоуп, уагьаргәырӷьоит. Иҟоуп даара иԥырахгоу даҽа грак – аспектакль анцо аҭыԥқәа рыԥсахра. Ахәаԥшҩы аспектакль нҵәаанӡа иҭыԥ аҿы дыҟазароуп, Анеиааирақәа асцена иқәу реиԥш, зҭыԥаҿ итәо ауаагьы ирԥырхагоуп, рыбла иабо агәынкылара, адкылара рцәыуадаҩуп. Аха, иахьагьы атеатрқәа ахәаԥшцәа дыргәаарц рҭахӡам азы, сызлацәажәо азҵаарақәа рзы гәыбӷан рыҭаны атеатр ааншәыжь ҳәа зарҳәо дыҟамзар ҟалап.

Абарҭқәа рырҽеиразы, ахәыҷқәа ихбыџхаанӡа атеатр иадԥхьалалатәуп, убасҟан ишьҭыркаауеит аетикетгьы, атеатр ахь абзиабарагьы. Хаҭала Аԥсуа театр аҿы ақыҭақәа рҟынтәи Аԥсуа-Абаза аконгресс ахаҭаранакцәа ахәыҷқәа анаарго, иалкааны атеатртә етикет ахҳәаа азызуеит аныҟәара анымҩаԥызго. Урҭ рыбжьарагьы ицәырҵуеит аспорттә маҭәақәа зышәҵаны инеиуа. Еснагь сгәыӷуеит, даҽазны ианааиуа ишақәнагоу рҽеиларҳәап ҳәа. Иҟоуп аҳәамҭа – атеатр захьӡу аҟазара мацара акәым, аетикетгьы уи иахәҭакуп ҳәа. Уи аҳәамҭа баша ицәырымҵӡеит, избанзар сызлацәажәо иахьатәи атеатрқәа зегьы ирԥыло проблемоуп. Ахәаԥшцәа рыда атеатр зыҟалом, убри аҟынтә, иҟалап аспектакль анҭыҵгьы аицәажәарақәа аҭахызар.

Идыру усуп, аспектакль шцо браво, ма анапеинҟьабжьқәа инамыцхәцәаны ишаԥым, уигьы атеатртә культура иахәҭакуп. Атеатртә культура ахҳәаа азызуа иалыркаауеит зегь реиҳа ипроблемоу - аҭелқәа аспектакль анцо раҿакра шакәу. Макьана уи иаиааихьо театрк аӡбахә ыҟаӡам. Иахьакәзаалак зҵаара ҵарны иқәгылоуп. Аха, ҳара аԥсуара ныҟәаҳгоит, акультура ду ҳарҿиоит ҳәа лассы-лассы ҳхы ҳахымҽхәои? Ус анакәха, атеатри аԥсуареи рышьхәа шеивҵо ҳазхәыцны, абарҭқәа рырҽеира аҭахушәа збоит. Иҟалап атеатрқәа рыҭӡқәа рҿы ихадоу аԥҟарақәа кьыԥхьны ркыдҵара ахәҭазар, мамзаргьы, уи иазку авидеонҵамҭақәа асоциалтә ҳақәа рзы ирхианы рырҵәира иаԥсазар? Уажәы аҿаргьы, аиҳабацәагьы аҭелқәа рхы иадырхәоит, убри аҟынтә, ҳтеатрқәа рдаҟьақәа рҿы иахәҭоуп сгәахәуеит урҭ анҵамҭақәа рыҟаҵара. Иҟан уи аҩыза аԥышәа аԥсуа театр адаҟьаҿы. Атеатр ззыҟоу ахәаԥшҩы изоуп, ус анакәха, аетикетгьы - дара еимаздо, еидызҳәало елементуп.
Аетикет анысҳәа, хымԥада, аспектакльқәа зегьы ианаамҭо иалагалароуп, шамаха уи ́аԥҟара аилагара ҳара ҳҿы исымбац. Акулиса анҭыҵгьы иҟоуп ахатәы етикет, уи ахәаԥшҩы ибаӡом. Санҿаз атеатр аҩнуҵҟа избоз сгәаласыршәозар, усҟан актиорцәа рҽеилаҳәашьа акыр иацклаԥшуан. Аҳәара сцәыуадаҩуп иршәыз даара зыхә ҳаракыз маҭәақәан ҳәа, аха рҽеиҿкааны инеиуан атеатр ахь ҳәсагьы хацәагьы.
Премьера комедии Кто из нас глухой? по одноименному произведению Шоты Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2022
Аԥсны
Асценахь агьежьра: насыԥ зцу Шоҭа Ҷкадуа ирҿиара
Иахьеиԥш исгәалашәоит Минадора Зыхәԥҳа, Марица Ԥачалиа уҳәа рыԥшандагақәа кны афоие аҿы ианеидтәалоз. Уа еицәажәон егьырҭ акорифеицәеи дареи. Еиҳаракгьы Азиз Агрба ицәырҵра лафла иҭәын. Ҳара аҿар, урҭ рҭыԥқәа рҿы атәара ҳахгьы иҭашәомызт, дара злаз аспектакль ҳалазаргьы, насҭха ҳгылан. Акулисақәа рҿы аспектакль иалахәыз, уи амаҵ азызуаз рыда аӡәгьы анеира азин имамызт. Убри анаҩсан, актиорцәа злаҩналоз аганахь, тәымк дхарыжьломызт аҷаԥшьацәа. Уҭынхак дуҭахызар, ихаланы дылбааргон деилахамзар. Хаҭала атеатртә институт аҭалара аамҭазы ауп, акулисақәа рынҭыҵтәи архитектура анызбаз. Сара саҳәшьа уа аус луан аха, агримҟаҵарҭақәа уҳәа рахь сагьымнеицызт. Зныкгьы сыҩнамлацызт иара аусура саналагагьы акорифеицәа руадахь. Санҿаз Москватәи атеатрқәа акыр сырҭаахьан, ӡнызар амагәқәа ҳашьаҵаны ҳнеир иашамызт азы, ашьхәа ҳаракқәа змаз ҳаимаақәа ҳаманы ҳцон, нас, уа ҳҽеиҭакы агардероб аҿы инҳажьуан. Ус иҟан усҟантәи аетикет. Уажәы, еиҟарауаарахеит…
Ҳаҭыр зқәу атеатр абзиабаҩцәа, аспектакль ахь шәаннеиуа ашәҭҿаҳәарақәа бзиа ижәбо, ишәгәаԥхо актиор ианизнажәго, еиҳа еиӷьуп авансцена аҟынтә ишәыркыр, аха асценахь шәнеиргьы, уигьы уамак ибаргәым. Амала, ижәдыруаз, актиорцәа бзиа ишырымбо аспектакль иалагаанӡеи ма аԥарда анаклак акәзаргьы агримҟаҵарҭахь ахәаԥшцәа аннеиуа. Бзиа ижәбо актиорцәа адәылҵырҭаҿы шәырзыԥшыр ауеит. Абас азҵаатәқәа цәырҵуазаргьы, атеатрқәа зегьы русура ззырхоу ахәаԥшцәа роуп, убри аҟынтә, атеатр иаҭаауа дарбанызаалак изыразуп еснагь. Иахьа Аԥсны иҟоуп атеатрқәа ԥшьба, сгәанала урҭ русзуҩцәа реиҭанеиааирақәа хацырктәзар ҟалап, апремиеирақәа аныҟо анаҩсгьы, иҟазар бзиоуп иҷыдоу аимадарақәа, азеиԥш проектқәа. Убарҭгьы атеатртә етикет ззырҳәо иахәҭакуп…
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0