00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Аԥсуажәаԥҟа
13:29
0 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Небензиа: Мраҭашәаратәи асанкциақәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҭахкаарахьы ицәырнагеит

© Sputnik / Сергей ГунеевПрезидент РФ В. Путин встретился с генеральным секретарем ООН А. Гутеррешем
Президент РФ В. Путин встретился с генеральным секретарем ООН А. Гутеррешем - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 21 — Sputnik. Мраҭашәаратәи асанкциақәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руааԥсыра рҭахкаарахьы ицәырнагеит ҳәа иҳәеит Еиду Амилаҭқәа реиҿкаараҟны иҟоу Урыстәыла еснагьтәи ахаҭарнак Васили Небензиа Ниу-Иорк, нанҳәа 20 рзы, апресс-знеишьаҿы.

Иара иажәақәа рыла, жәларбжьаратәи аиҿцәажәаратә ҭыԥқәа рхы иадырхәоит ҩ-республикак рықәыӷәӷәаразы, уи урҭ адунеитә еилазаара ралхәдаара арӷәӷәоит.

Иара убасгьы, ицәалацәажәароуп ҳәа ахиҳәааит мраҭашәаратәи атәылақәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ауаҩы изинқәа рҭагылазаашьазы иҟарҵаз аҳәамҭақәа, иазгәеиҭеит есышықәса Қырҭтәыла ЕАР Ассамблеиа хада ахәаԥшразы иаднагало атәылаҩнуҵҟа еиҭаҵыз ахаҿқәеи ахҵәацәеи рзы арезолиуциа аполитикатә ҟазшьа шамоу.

Адипломат иара убасгьы, игәалаиршәеит 2008 шықәса нанҳәамзазы Аахыҵ Уаԥстәыла бџьаршьҭыхла ишақәлаз, уи жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа "цәгьацәыԥхамшьарыла еиланагоит" ҳәа азиҳәеит.

Небензиа ишазгәеиҭаз ала, иахьа аиҿцәажәаратә процесс иаԥырхагоуп Урыстәыла адискредитациеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҭахкаареи ирзырхоу Қырҭтәыла аҿагыларатә курс.

Убри аан Москва азыхиоуп Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәаразы Қарҭи, Аҟәеи, Цхинвали рыбжьара аиҿцәажәара ацхраара ҳәа иажәа хиркәшеит ахаҭарнак.
Ажәабжьқәа зегьы
0