Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 416 ҭадырхеит
09:39 03.09.2026 (ирҿыцуп: 10:46 03.09.2026)

© Sputnik / Евгений Биятов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 3 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 416 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Калугатәи, Твертәи, Смоленсктәи, Курсктәи, Орловтәи, Тулатәи, Воронежтәи, Липецктәи, Тамбовтәи, Ростовтәи, Волгоградтәи, Пензатәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегион, Ҟрым, Амшын еиқәа қәыԥшылараҿы.