Аԥсны имҩаԥысран иҟоу АҳәынҭДумахь алхрақәаҿ анҭыҵтәи абжьыҭиратә урнақәа рхы иадырхәоит
17:54 14.09.2026 (ирҿыцуп: 18:50 14.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 14 — Sputnik. 100 инареиҳаны анҭыҵтәи абжьыҭиратә урнақәа Аԥсны имҩаԥысран иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан рхы иадырхәоит.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков абрифинг аҿы иҳәеит абжьыҭира ҩ-форматк рыла ишымҩаԥысло — астационартә алхырҭатә ҭыԥи анҭыҵтәи абжьыҭира аформати рыла.

"Апроцедурақәа зегьы Урыстәылатәи Афедерациа аус зуа азакәанԥҵареи Алхратә комиссиа хада арегламентқәеи хьаҳәаԥаҳәада ирықәшәалоит", — ҳәа иҳәеит иара.
Астационартә алхырҭатә ҭыԥ аҿы акәымкәа абжьыҭиразы Алхырҭаҭыԥ ахь, алхрақәа рымш аҽны, мамзаргьы заа, азыҳәа нашьҭтәуп.
Ацҳаражәҳәаҩ иҳәеит уи заанаҵы аҟаҵара шалшо Аҳәынҭқарратә Думахь имҩаԥысраны иҟоу абжьыҭиразы атәылауаа адырра рыҭара иалахәу аволонтиорцәа рыла.
Анҭыҵтәи абжьыҭираан ихарҭәаау абиуллетенқәа ҷыдала еиқәыршәахоит, урҭ зинда аартра иацәыхьчоуп.
Аурнақәа зегьы ирыцуп алхратә комиссиа алахәцәеи азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәеи ҩыџьа.