АҳәынҭДумахь адепутатцәа ралхрақәа раан Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара ирыцҵоуп
18:23 14.09.2026 (ирҿыцуп: 18:41 14.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 14 — Sputnik. Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхрақәа раан алхырҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара 35 рҟынтәи 50 рҟынӡа иацҵан, абжьыҭира азин змоу зегьы рзы иахьынӡауа иманшәаланы аҿкааразы.
Абри атәы ажурналистцәа рзы имҩаԥигаз абрифинг аҿы иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.
Аԥсны атәылауаа 70% рҟынӡа урыстәылатәи атәылауаҩра рымоуп ҳәа азгәеиҭеит иара. Алхрақәа раан ареспубликаҿгьы рыԥсы ршьалоит 100 нызқьҩык рҟынӡа Урыстәылантәи атуристцәа.
"Даара исҭахын алхрақәа рылахәхара иахьынӡауа иманшәаланы иҟалар, закәанла цәыббра 20 рзы абжьыҭира азин змоу зегьы рзы, — Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла атәылауаа реиԥш атуристцәагьы рзы", — ҳәа азгәеиҭеит Гладков.