Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рҽырзыҟаҵара хнаркәшоит
09:43 18.09.2026 (ирҿыцуп: 10:06 18.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 18 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рҽырзыҟаҵара хнаркәшоит ҳәа иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.
Амҽышаҽны ареспубликаҿы иаатуеит 50 алхырҭатә ҭыԥ, иазырхиоуп даҽа 115 урна анҭыҵтәи абжьыҭиразы.
Алхратә комиссиақәа ироуит амаругақәа, акабинкақәа, аинформациатә материалқәа, аурнақәа. Амилициа аусзуҩцәа 31 ҭыԥ гәаҭаны, амҳәыр раадырхар акәхоит. Ҭыԥқәак ашколқәа рҿы иҟоуп аҟнытә, уи аҽазыҟаҵарақәа ианрылгалак ашьҭахь имҩаԥыргоит ҳәа азгәеиҭеит Гладков.
Иара убас, иахьа алхратә комиссиақәа рлахәылацәеи дареи асеминар-еилацәажәара мҩаԥыргоит, уаҟа аиҿкааратә зҵаарақәа ирылацәажәараны иҟоуп.
"Сгәыӷуеит, агәра ганы сыҟоуп Аԥсны абжьыҭира аҩаӡара ҳаракны ишымҩаԥысуа", - иҳәеит Гладков.