Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхразы алхырҭатә ҭыԥқәа аатит Аԥсны
08:02 20.09.2026 (ирҿыцуп: 08:46 20.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 20 — Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхразы алхырҭатә ҭыԥқәа аатит Аԥсны.
Алхырҭатә ҭыԥқәа 50 аусура иалагеит асааҭ 08:00 рзы. Иара убас анҭыҵтәи абжьыҭирагьы еиҿкаауп.
Урыстәыла ахьынӡанаӡааӡо иаку абжьыҭира амш хымш имҩаԥысуеит — цәыббра 18-20 рзы. Аԥсны алхрақәа мышкы ауп ианымҩаԥысуа — цәыббра 20. Урҭ еиҿнакаауеит Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи Урыстәыла алхратә комиссиа хадеи.
Ареспубликаҿы алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы асааҭ 20:00 рҟынӡа иаартызаауеит. 18 шықәса зхыҵхьоу, иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо, мамзаргьы сасра иааз Урыстәыла атәылауааи, иара убас Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыреи адепутатрахь акандидатцәа рзы рыбжьы рҭиир рылшоит.