https://sputnik-abkhazia.info/20260920/1065767943.html
АҳәынҭДумахь алхрақәа раан аҳәаанырцәтәи алхырҭатә ҭыԥқәа рҟынтәи Аԥсны иаарту еиҳауп
АҳәынҭДумахь алхрақәа раан аҳәаанырцәтәи алхырҭатә ҭыԥқәа рҟынтәи Аԥсны иаарту еиҳауп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 20 — Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы Аԥсны иаарту алхырҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара зеиԥш ҟамлац ауп, егьырҭ аҳәаанырцәтәи... 20.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-20T08:52+0300
2026-09-20T08:52+0300
2026-09-20T09:41+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа-2026
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/14/1065766098_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_e038a742b50bd9147fe97c66bde0563d.jpg
АҞӘА, цәыббра 20 — Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы Аԥсны иаарту алхырҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара зеиԥш ҟамлац ауп, егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа ирҿырԥшны ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Sputnik апресс-центр аҿы. Адипломати иԥшәмаԥҳәыси рыбжьы рҭихьеит Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы. "Сара даара саргәырӷьеит раԥхьа ҳахьгылам, ҳахьыҩбам. Ҳандәылҵгьы, даҽа аӡәык-ҩыџьак ҳԥылеит, урҭ рыбжьы аҭара иахыццакуан", — иҳәеит Гладков. Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны иаарту алхырҭатә ҭыԥқәа 50 иаартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа.Гладков иажәақәа рыла, Аԥсны имҩаԥысуа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан анҭыҵтәи абжьыҭиразы аурнақәа шәкы рхы иадырхәоит."Урҭ хаз игоу асасааирҭақәа рахь, урыстәылатәи атуристцәа еизакны иахьынхо аҭыԥқәа рахь, алхырҭатә ҭыԥқәа ахьаартым, аха хыԥхьаӡара рацәала ауаа ахьынхо, иара убас ихароу ақыҭақәа рахь иргалоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.Аԥсны аҵакыраҟны абжьыҭиразы 100 нызқь рҟынӡа биуллетен рхиан ҳәа азгәеиҭеит Гладков.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/14/1065766098_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_fdada67a424e9fc0da99069008f6d218.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа-2026
аԥсны, ажәабжьқәа, аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа-2026
АҳәынҭДумахь алхрақәа раан аҳәаанырцәтәи алхырҭатә ҭыԥқәа рҟынтәи Аԥсны иаарту еиҳауп
08:52 20.09.2026 (ирҿыцуп: 09:41 20.09.2026) АҞӘА, цәыббра 20 — Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы Аԥсны иаарту алхырҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара зеиԥш ҟамлац ауп, егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа ирҿырԥшны ҳәа
азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Sputnik апресс-центр аҿы.
Адипломати иԥшәмаԥҳәыси
рыбжьы рҭихьеит Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы.
"Сара даара саргәырӷьеит раԥхьа ҳахьгылам, ҳахьыҩбам. Ҳандәылҵгьы, даҽа аӡәык-ҩыџьак ҳԥылеит, урҭ рыбжьы аҭара иахыццакуан", — иҳәеит Гладков.
Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны иаарту алхырҭатә ҭыԥқәа 50 иаартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа.
Гладков иажәақәа рыла, Аԥсны имҩаԥысуа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан анҭыҵтәи абжьыҭиразы аурнақәа шәкы рхы иадырхәоит.
"Урҭ хаз игоу асасааирҭақәа рахь, урыстәылатәи атуристцәа еизакны иахьынхо аҭыԥқәа рахь, алхырҭатә ҭыԥқәа ахьаартым, аха хыԥхьаӡара рацәала ауаа ахьынхо, иара убас ихароу ақыҭақәа рахь иргалоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аԥсны аҵакыраҟны абжьыҭиразы 100 нызқь рҟынӡа биуллетен рхиан ҳәа азгәеиҭеит Гладков.