https://sputnik-abkhazia.info/20260923/samanba-eieieit-sentiabrti-azhylara-iatsyz-auadaraa-rty-1065878069.html
Саманба еиҭеиҳәеит сентиабртәи ажәылара иацыз ауадаҩрақәа ртәы
Саманба еиҭеиҳәеит сентиабртәи ажәылара иацыз ауадаҩрақәа ртәы
Sputnik Аҧсны
33 шықәса раԥхьа арҭ амшқәа рзы Аҟәа ахақәиҭтәразы ихадараз ажәыларақәа мҩаԥысуан. Цәыббрамзатәи аоперациа амотохысратә бригадақәа ҩба, актәи агәыԥ ишиашоу... 23.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-23T14:30+0300
2026-09-23T14:30+0300
2026-09-23T14:30+0300
аԥсны
авидеонҵамҭақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/17/1065877532_0:0:711:400_1920x0_80_0_0_456f94dca2ab9bbe6c216ae619128903.jpg
33 шықәса раԥхьа арҭ амшқәа рзы Аҟәа ахақәиҭтәразы ихадараз ажәыларақәа мҩаԥысуан. Цәыббрамзатәи аоперациа амотохысратә бригадақәа ҩба, актәи агәыԥ ишиашоу Гәымсҭа аӡиас ала иааиуан, аплацдарм нкыланы. Ажәылара иалахәын хә-баталионк злахәыз аҩбатәи абригада архәҭа, баталионцыԥхьаӡа 300-ҩык алан, насгьы Гагратәи агарнизон аҟынтә ҩ-баталионк. Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра иалахәын арезервтә полкгьы, абасала гәымсҭатәи ахырхарҭала иааидкыланы ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа аибашьцәа рҽеизыргеит.Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәраз операциа напхгара арҭон атәылахьчара аминистр, аинрал-маиор Султан Сосналиеви Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб хада аиҳабы, аинрал-маиор Сергеи Дбари.Аԥсны Афырхаҵа Гарри Саманба арадио Sputnik аҟны далацәажәеит ари ажәылара иацыз ауадаҩрақәа ртәы.Инеиҵыху аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/17/1065877532_93:0:626:400_1920x0_80_0_0_578f4c15bb2f8c1578d53af094313ec8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
авидеонҵамҭақәа, видео
Саманба еиҭеиҳәеит сентиабртәи ажәылара иацыз ауадаҩрақәа ртәы
33 шықәса раԥхьа арҭ амшқәа рзы Аҟәа ахақәиҭтәразы ихадараз ажәыларақәа мҩаԥысуан. Цәыббрамзатәи аоперациа амотохысратә бригадақәа ҩба, актәи агәыԥ ишиашоу Гәымсҭа аӡиас ала иааиуан, аплацдарм нкыланы. Ажәылара иалахәын хә-баталионк злахәыз аҩбатәи абригада архәҭа, баталионцыԥхьаӡа 300-ҩык алан, насгьы Гагратәи агарнизон аҟынтә ҩ-баталионк. Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра иалахәын арезервтә полкгьы, абасала гәымсҭатәи ахырхарҭала иааидкыланы ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа аибашьцәа рҽеизыргеит.
Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәраз операциа напхгара арҭон атәылахьчара аминистр, аинрал-маиор Султан Сосналиеви Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб хада аиҳабы, аинрал-маиор Сергеи Дбари.
Аԥсны Афырхаҵа Гарри Саманба арадио Sputnik аҟны далацәажәеит ари ажәылара иацыз ауадаҩрақәа ртәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы.