Апленартә еилацәажәара "Абиԥареи аамҭеи: агәалашәара аҟынтәи аҭакԥхықәрахь" мҩаԥысит Аҟәа
14:43 24.09.2026 (ирҿыцуп: 14:55 24.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 24 — Sputnik. Апленартә еилацәажәара "Абиԥареи аамҭеи: агәалашәара аҟынтәи аҭакԥхықәрахь" мҩаԥысит Аҟәа, арккаратә спорт-патриоттә форум аҵакыраҿы.
Иааԥхьаз спикерцәаны иҟан Аԥсны Афырхаҵа, апартиа "Аԥсны жәлар рпартиа" ахантәаҩы Шамиль Аӡынба, АҶА ахада Алиас Аҩӡба, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ ицхырааҩ Рафаель Амԥар, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Едуард Ежов.
Урҭ аҿар ирзеиҭарҳәеит аибашьра ҟалаанӡатәи аамҭеи иара аибашьреи ирыдҳәалаз ргәалашәарақәа, уи нахыс зҽызыԥсахыз атәы, рыԥсадгьыл аҭоурых, рбызшәа, ркультура адырра шаҟа аҵанакуа.
Асасцәа аиԥылара иалахәыз аҿарацәа алабжьарақәа рырҭеит, рызҵаарақәа рҭак ҟарҵеит.