00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ахыбқәа ирықәырҵоз, хәшәыс рхы иадырхәоз": аҭырас иазкны дыррақәак

CC0 / / Папоротник
Папоротник  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2026
Анапаҵаҩра
Аҭырас иазкну дыррақәак шәрыԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Аԥсны инхо, хәыҷи-дуи аҭырас зымбац аӡәгьы даҟам. Иазҳауеит адәқәа, абна, абна аҿықәқәа рҿы. Иҿиоит абыбыцқәа рыла еиԥш анышә иҵоу адацырша алагьы. Аӡын анышә иҵыҳәҳәо аҭырас хҩаауеит, ааԥын аҿыц ахылҿиаауеит.
Аҭырасқәа ашықәс рацәаӡа зхыҵуа, анкьа аҵлеиԥш идуӡӡаз, уажәыгь аԥхарра тәылақәа рҿы акы-ҩба хкы аҵлақәа реиԥш изызҳауа, аха уеизгьы аҳаскьынқәа иреиуоу ҵиаақәоуп.
Ԥаса аҭырас былны иалҵуа ахәа асапынҟаҵареи асаркьаҟаҵареи рҿы хархәара аман. Азиа тәылақәа рҿы аҭырас аҟатара фатәыс рхы иадырхәоит, адацырша ҟәаҟәаны ахәшә алырхуеит.
Ажәытәан, ҳзышьцылахьоу аҩнқәа аныҟамыз аҭырас ахыбқәа ирықәырҵон. Аҭырас зқәырҵоз ахыбрақәа хаҳәҵәаҳәла еибаркны, иласкьаганы быцала ишышны, ӡарҵәила еидҿаҳәаланы иҟарҵон. Азгәаҭа: аӡарҵәи (иаанагоит "арасамахә аӡа").
Продажа крапивы на рынке выходного дня в Цхинвале - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2026
Аԥсны
"Ахәыҷқәа цәгьа изыршәо, адуцәа рзы хәшәра злоу": аҵиаа хкы ахәац иахҳәааны

Амифологиахьтә

Аҭырас азы ирҳәоит "адгьыл афоит" ҳәа. Амифтә фырхаҵа Абрскьыл адгьыл аҭырас иамҽханамкырц азы агаҿа дцаны адац ыҵахҵәаны ирҩон.
Аҵан — аԥсуа мифологиа аперсонаж хадақәа ируаку, Аԥсны адгьылҵакыраҿы раԥхьаӡа ианылаз уаақәаны ирыԥхьаӡоит. Дара уаа ссақәан, "ашьац илыҳәҳәомызт". Ирҳәоит аҭырас иқәланы икарҿон ҳәа, аха амчи алшеи рыман.
Иҟоуп аԥсуа жәлар разгәаҭара — аҭырас аҟата иахылҿиаауа, аԥхьа ианубо ихҵәаны уацҳар, уманшәалахоит ҳәа.

Аҭырас ахархәашьа

Аҭырас иахылҵуа афҩы амикробқәа ашьуеит. Уимоу, аҵиаа анҩоугьы амҵқәеи егьырҭ ахәаҷамаҷақәеи ааигәара инеиӡом. Арас ахьыҟоу афатә ԥакәиӡом, ашәырқәеи ауҭраҭыхқәеи бааӡом. Убри азоуп аԥсуаа ашәыр анырҵәахуаз, арас аҵаҵаны изынрыжьуа.
Аԥсны аҭырас рхы иадырхәоит, иара убас ацитрус ҵиаақәа аӡын рҭаҳәҳәаразы.

Жәлар рмедицина

Аҭырас адацқәа рхы иадырхәон ацәамахәшә аҟаҵараҿы. Убас егьырҭ аҵиаақәа ирылаҵаны аԥсҳәысҭра ахәышәтәразы ахьшьтәы алырхуан.
Аблы — асаби раԥхьатәи ичымазарақәа ируакуп. Уи ахәшәтәразы хәылбыҽхан аҭырас адацқәа хԥа аҵәыцак аӡы хьшәашәа аҵаҭәаны иаанрыжьуан. Ашьыжьымҭан асаби чаимҳаҵәк аазна идыржәуан. Абас мышк ахь хынтә иҟарҵон.
Ажәытәан абаҩ хьаа иаргәамҵуаз изы иҟарҵон агәабан аҭырас ҿала ирҭәны изыҟарҵон. Ачымазаҩ убри аҩыза агәабан дықәиалар, ихьаақәа еиқәнартәоит ҳәа агәаанагара рыман.
 Одуванчик  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2026
Аԥсны
"Ахылԥарч шкәакәа зхоу аҵиаа": ашәҭбыбк иалоу ахәарҭара иазкны

Лафк ахыркәшамҭазы

Арҿиаҩы Анатоли Аџьынџьал иҩымҭақәа реизга "Иалкаау" иагәылалеит "Шьаруан иқьаса" захьӡу алафк. Уи алагоит абас:
"Шьаруан дбеиан. Аԥара рацәаны иман, аԥсахра ҳәа есқьынгьы ауаа ддыргәамҵуан. Ҽнак иԥарақәа иҵәахырц иӡбеит. Ашәындыҟәра иааҭиган, ақьаса инҭаҵаны ибораҿ икыдгылаз арыԥхь аԥышҵа инахаирԥан, аҭырас хыбра иналаиҵеит. Даагьежьит, аҳыҳ, уажәшьҭа зегьы шәҭынчха иҳәан.
Дук мырҵыкәа ӷьычк арыԥхь данааха, ақьаса наимҵаҳаит. Ахьышәҭҳәа аԥарақәа иџьыба инҭеиҵан, ақьаса уацла ирҭәны арыԥхь инхишьын, дныҵашәкәа дцеит.
Иԥарақәа ибарц Шьаруан днеизар, абар алакә! Иқьаса аҽуац ҭоуп. Инарҳәы-аарҳәуа икын ҳамҭакы, ашьҭахь, ҿааиҭит: "Аԥарақәа аӷьыч игеит усгьы, аха исзеилымкаауа – абри аҽы ақьаса иабаҭанагалеи, уҳәарауазеи?".
Азгәаҭа: ақьаса (даҽакала "аԥараҭра").
Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун аҵарауаҩ Светлана Наҷҟьебиаԥҳа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика" .
Ажәабжьқәа зегьы
0