Логәуа: атуризм аминистрра ацхыраара рырҭоит Аԥсны ишьыз Амина Бикбова лҭаацәа
12:18 29.09.2026 (ирҿыцуп: 13:02 29.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 29 — Sputnik. Атуризм аминистрра иарбанызаалак ацхыраара рырҭоит Аԥсны ишьыз Амина Бикбова лҭаацәа.
Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа ахада Асҭамыр Логәуа.
"Ҳара ҳзы, Аԥсны жәлар зегьы рзы иҟалаз хлымӡаахуп. Ҳара уи ас ауп ишаҳаԥхьаӡо, лҭаацәа, лҭынхацәа, лгәакьацәа гәалсра дула ҳрыдышшылоит", — азгәеиҭеит иара.
Иара агәрагара ааирԥшит азинхьчаратә усбарҭақәа ишахәҭоу аусҭҵаара шымҩаԥырго, ахара зду дшахьдырхәуа азы.
Иахьазы, аминистрра иҭахаз аԥҳәызба лани дареи аимадара рыбжьаҵаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит.
26 шықәса зхыҵуаз урыстәылауаҩ Амина Бикбова хаха-хымш аимадара лымамызт, лара дшыӡыз азы адырра ҟарҵеит лҭынхацәа. Бикбова дишьит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны даанкылоуп 25 шықәса зхыҵуа Едгар Абыхәба. Иҿахәы аниҿырхуаз ауаҩшьра шыҟаиҵаз азы иҿы иқәшаҳаҭхеит. Аусҭҵаара цоит.