00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Бабаду ишьҭаҵа улабашьа": аибашьҩы Алхас Гындиа иҭоурых

© Foto"Бабаду ишьҭаҵа улабашьа": аибашьҩы Алхас Гындиа иҭоурых
Бабаду ишьҭаҵа улабашьа: аибашьҩы Алхас Гындиа иҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2026
Анапаҵаҩра
Аԥсны аӷа данақәла, нанҳәа 14 1992 шықәсазы, Гагратәи арԥыс Алхас Оҭар-иԥа Гындиа арра маҵура дахысуан Аҟәа. Дахәҭакын аԥсуа гвардиа. Иара убри амш инаркны иалагоит 19 шықәса зхыҵуаз Алхас иеибашьратә мҩа.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа рыла иаадыруеит, ҳтәыла есқьынагьы иақәмақаруаз аӷацәа шыҟаз, аха урҭ иреицәахаз, ҳавара инхоз, ҳашьцәа реиԥш иаҳԥхьаӡоз ақырҭцәа ракәхеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡагьы, ҳажәлар рыҩнуҵҟа агәҭынчымра цәырҵхьан, аԥсуааи ақырҭцәеи реибарххарақәа ашьакаҭәарахьы ишнеиуаз убон. Аԥсуа гвардиа иахәҭакыз Алхас Гындиагьы изныкымкәа дрылахәын аҿагыларатә акциақәа. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟаз Гиви Ломинаӡе, акабинеҭ ддәылганы дыԥхазҵоз рыгәҭа дыҟан Алхасгьы.
Нанҳәа 14 аҽны, Ачадара архәҭаҟны ашәарҭара шыҟоу адырра рыларҳәеит. Аԥсны аҩнуҵҟатәи архәҭа аполк акомандаҟаҵаҩ Гиви Камыгә-иԥа Агрба адҵа ҟаиҵеит, атехника хьанҭа ала "Ацҳа ҟаԥшь" ахь ишцатәу. Иара имашьынаныҟәцаҩ Наур Агрба диманы уахь ддәықәлеит, Алхаси иҩызцәеи БРДМқәа рыла ирышьҭалеит.
Васили (Феликс) Базба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2023
Аԥсны
"Ажәылара раԥхьатәи амш": Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьҩы Васили Базба изкны
"Ҳабжьы ҭыганы, "Бабаду ишьҭаҵа улабашьа" — ҳәа ашәа нагӡауа "Ацҳа ҟаԥшь" аҟны ҳаннеи, ҳгәы ҳҽанӡамкәа аӷацәа ртанк ала иҳалахысуа иалагеит. Гиви Камыгә-иԥа аԥсҭабара шыҟалоз анеиликаа, адҵа ҟаиҵеит шьҭахьҟа ҳхьаҵырц, аха ҳколонна ааҳарҳәаанӡа ақырҭуа танк ҳабжьалеит. Наур Агрба убраацәҟьа дҭахоит. Ҳара ҳазқәтәаз БРДМ ааҳәит. Автомат аԥынҵала аҿышәҭа аартны ҳҭыҵит. Адгьыл аҵаҟатәи аиасырҭала ҳара ҳтәқәа ҳрыхьӡеит. Анаҩс, армаҭәа зшәыз адҵа ҳауит, аҭынчуааи атуристцәеи ақалақь иалаҳгарц азы. Асанатори МВО ҳаназааигәаха, хахьтәи аихагылаҟынтә аснаипер дҳалахысуа далагеит. Убра иҭаирхаз ҳаҷкәынцәа рацәаҩын. Саргьы сгәы ԥыжәжәо, искыз автомат аҿы ҩарханы иганахь ахысра салагеит. Ус сшыԥшуаз аснаипер аҳаракыра далыуаа алада иҿынеихеит. "Ари дҭасырхеит, ҳаҷкәынцәа ршьа зуит" ҳәа сгәырӷьеит, аха сышьҭахьҟа санхьаԥш, дгәасҭеит ԥсыуа быргк. Иқәрагьы маҷмызт усҟан, 60 шықәса дшырҭысхьаз убон. Иагьеилыскааит иара шиакәыз аснаипер "иҭыԥ дықәызҵаз". Ақалақь аҟны ухаҿы иузаамго агәҭынчымра ҟалеит", — абас аибашьра раԥхьатәи амш игәалашәоит Алхас Гындиа.
Иаалырҟьаны аӷа аҳҭнықалақь данақәла, зныҭрыс аԥсуа ҷкәынцәа рҽеидыркылартә изыҟамлеит. Дара реиҳараҩык еиқәшәеит Аҳабла ҿыц абжьаларҭаҟны. Убраҟа ауп агәыԥқәа еиҿкааны адҵақәа ахьеихыршаз.
"Аҟәа авокзал аҿы ҳанааи, исыцқәаз уажәшьҭа хьыӡҳәала исгәалашәом, идәықәлахьаз автобус "Икарус" асаркьа ԥҽны, ҳахьынҳаланы Аҳабла ҿыц абжьаларҭанӡа ҳцеит. Убра исықәшәеит Бесики Русики Цыгәаа, Гена Ашәхәаҵаа, Роберт Черқьезиа. Аамҭак ашьҭахь адҵа ҳарҭеит, Аҳабла ҿыц иҟаз атаксопарк аҟынтә амашьынақәа аӷацәа ааиаанӡа иаҳгарц. Сара исылшеит иҿыцҳараӡа иҟаз амашьына "Волга" Ачадаранӡа агара. Аимадара ыҟамызт, аха баша атәара ҟаломызт. Убри аҟнытә, аиҳабацәа аԥшьгамҭа аарԥшны ирыӡбеит 80-ҩык рҟынӡа аҷкәынцәа Очамчыраҟа идәықәырҵарц. Убарҭ саргьы срыхәҭакхеит. Амҩа ҳақәлеит Лаҭа ала. Афбатәи амш аҽны шьапыла Ԥақәашь ҳнаӡеит", — иажәабжь иациҵоит аибашьра аветеран.
Аԥшыхәратә гәыԥ шьақәыргыланы, амҩа иқәлаз аибашьцәа ӷәӷәала аиҿахысрақәа ирықәшәеит. 80-ҩык ахьыҟаз, аӷацәа анрылала еиԥхьыттеит. Алхас 15-ҩык рыгәҭа дынхеит. Урҭ рахьтә Кәыдры аӡиас ирцәагеит быжьҩык. Аабатәи – Едик Ханагәуа захьӡыз, аарла деиқәдырхеит. Аамҭак ашьҭахь ақыҭауаа ирыԥшааит дара рыԥсыбаҩқәа. Аԥсуа еибашьцәа ирулак Џьгьарда ақыҭа, Ахәҵа ҳәа иахьашьҭоу ашьхаҭыԥ аҟны ицәырҵит. Амца еиқәҵаны рымаҭәақәа арбара ишаҿыз, алҩа збаз егьырҭ агәыԥқәа рҟынтә инхаз аҷкәынцәа ҿырҭуа иалагеит. Дара рахь ишылбаауаз, аӷацәа гәыԥк ҭҟәаны иргеит. Убасҟан алеитенант ичын змаз, қәрала уамак зхымҵуаз, Кьышьмариа зыжәлаз адҵаҟаҵаҩ, дцеит аӷацәа рахь. Ақырҭцәа еиҳабыс ирымази иареи аамҭала арра маҵура еицахысуазаарын. Убри иабзоураны аԥсҭабара ҟамлеит, аха абџьар рымырхит.
"Аӡы саныруаз убасҟак сымаҭәа хьанҭахеит, исшәысхыр акәхеит, автомат снапы иадҿаҳәалан аҟнытә еиқәхеит. Убасҟан тракторла иаҳԥылаз Соломон Ҳараниа имаҭәа сиҭеит. Сҽааиласҳәан, доусы рқыҭақәа рахь рҿанынарха, саргьы санду лахь Ԥақәашьҟа сцеит. Ақыҭа ахадас дыҟан Заур Быҭәба. Иара еиҿикааз абаталион сахәҭакхеит. Очамчыра араион, Уахәреи апозициахь сиццеит. Убра ахәра соуит", — иҳәоит аибашьҩы.
Алхас Гындиа иахәҭаз амедицинатә цхыраара ахьимоуз иахырҟьаны, ихәра аҽарцәгьеит. Гангрена ахь ииасаанӡа, иӡбан Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь инашьҭра. Тҟәарчалынтәи авертолиот анышьҭԥраауаз еилкааны, ихьаақәа чҳаны шьапыла уаанӡа днаӡеит.
"Тҟәарчалынӡа дсыҵагыланы сигеит саҳәшьаду лԥа Даур. Дара хҩык аишьцәа ыҟан. Ҩыџьа Виталии Емзари аибашьраҿы иҭахеит. Ус аҳҭнықалақь ҳаназааигәаха, аԥырҩы Аҟәа дтәарц иҽазишәеит. Уи ҟалашьа змамз акәын, избанзар ҳаҭҟәаны ҳаргон аӷацәа. Ихьӡ сгәалашәом, аԥсуа фицарк аграната аацәыриган "ҳахьԥсуа ҳаицыԥсуеит" иҳәан, аԥырҩы Гәдоуҭанӡа дцартә иҟаиҵеит. Иара убри аветролиот, игьежьны Тҟәарчал ицаны, ахҵәацәа шаанагоз Лаҭа аӷацәа иҭадырхоит", — ҳәа Гәдоуҭаҟа дшааз еиҭеиҳәоит Алхас.
Азныказы, Алхас ишьапы хырҵәоит ҳәа агәаанагара ыҟан, аха иахәҭаз ахәшәтәра аиаун, ишьапы дықәгылеит. Алхас дабиԥазаҵәын. Иара, аибашьра ианалага нахыс, ихабар зынӡа иҭаацәа ирыздыруамызт. Иԥсы ҭаны данырба, ирызхаҵомызт анцәа уи рынасыԥ иалеиҵеит ҳәа.
архив - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2023
Аԥсны
"Хатәгәаԥхарала аԥсра даԥылеит": аибашьҩы Роберт Леиба изкны
"Сшьапы сыхәо ианалага, Гиви Камыгә-иԥа Агрба идҵаҟаҵарала, Гәдоуҭа акомендатурахь сцеит. Аибашьра еилгаанӡа убраҟа ҳҿаԥхьа иқәдыргылоз адҵақәа насыгӡон", — ҳәа иажәа хиркәшоит аибашьҩы.
Иахьатәи аамҭала уахәаԥшуазар, 19 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа ихәыҷқәоуп ҳәа рзаҳҳәоит. Аха аԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, Алхас Гындиа иеиԥш иҟаз аҷкәынцәа — ахацәа реиԥш рыхшыҩ шәит. Абџьар шьҭыхны, ишҭахоз шырдыруазгьы аӷа иҿагылеит. Дара иаадырԥшыз агәаӷьра иалҵшәоуп ҳҭынч ԥсҭазаареи ҳԥеиԥш лашеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0