00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
"Ахьыуардын" аҟынтә анҵамҭа
13:42
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
413 дней
14:36
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Уаҵәашьҭахь иҟалоз - иахьа идыруан": аибашьҩы Роман Коӷониа иҭоурых

© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәаибашьҩы Роман Коӷониа иҭоурых
аибашьҩы Роман Коӷониа иҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2026
Анапаҵаҩра
Даара ирыцҳароуп уашьҭахьҟа уӡбахә зҳәо, узгәалашәо ауаа аныҟам. Иахьа зҭоурых шәзеиҭасҳәо Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аветеран, хәажәкыра 9 1993 шықәсазы Лабра ақыҭан иҭахаз, 26 шықәса ирҭагылаз, зхы еилфаҷаз, аҵара иазҿлымҳаз, ԥсабарала аҟәышра злаз арԥыс Роман Шьалуа-иԥа Коӷониа дышҭаацәарамызгьы, иашьҭахьҟа иашьцәа рхылҵ рыла абиԥара ҿа еиҵагылеит. Дара раб иашьа дыргәалашәом, аха ргәаҵа дҭоуп реиҳабацәа ргәалашәарақәа рыла. Ари анҵамҭагьы акьыԥхь иазырхиоуп Роман иашьеиҳабы иԥшәмаԥҳәыс Зарина Сыҷынааԥҳа (Басныкԥҳа)-Коӷониа лажәақәа рыла.
Аҭаацәара ду аҟны изызҳаз Роман Шьалуа-иԥа Коӷониа диит цәыббра 9 1966 шықәсазы Очамчыра араион, Кәтол ақыҭан. Иара хҩык иашьцәеи иаҳәшьеи дреиҵбын. Роман аӡәы диеиԥшымызт ҟазшьалеи, аҵарахьы имаз агәацԥыҳәареи рыла. Арԥыс Калуга астратегиатә ҟазшьа змаз аракетатә архәҭаҟны аррамаҵура дахысны аҩныҟа данаа, иреиҳау аҵараиурҭа дҭаларц азы агәазыҳәара иоуит. Ихшыҩ цҳафыр иабзоураны ихала дҭалоит В.В. Куибышев ихьӡ зху Архангьельсктәи абнатехникатә институт, ааглыхратәи аграждантәи ргылара (амҩақәеи ацҳақәеи) рфакультет.
Бабаду ишьҭаҵа улабашьа: аибашьҩы Алхас Гындиа иҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2026
Аԥсны
"Бабаду ишьҭаҵа улабашьа": аибашьҩы Алхас Гындиа иҭоурых
"Усҟантәи аамҭазы ас еиԥш иҟоу аҵараиурҭа амалуаа рхәыҷқәа ракәын иҭалоз. Амашьына "Волга" ургылар акәын уи иазкны. Рома убриаҟара дҟәыӷан, ихы цҳафыруа аус ауан абри аинститут ихала дҭалартә", - лҳәоит згәалашәарақәа ҳацеиҩызшо иҭаца Зарина Басныкԥҳа-Коӷониа.
Рома аԥсшьарамшқәа раан Аԥсныҟа данаауаз, иҩызцәеи иҭынхацәеи рахьтә Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, афизика-математикатә факультет иҭаларц зҭахыз дрыцхраауан. Дрыдтәаланы адҵақәа рыцҟаиҵон. Иара иматематикатә хәыцшьа иан Матико Гьелашьвили лҟынтә илан. Иҟазшьа убас ибзиан, сзыцхыраарыда ҳәа акәын дшыҟаз, уамакала аиҳаби аиҵби дырнаалон.
"Рома дышқәыԥшызгьы, аплан шьақәыргыланы анализ ҟазҵоз, уаҵәашьҭахь иҟалоз иахьа издыруаз иакәын. Аррантә данаа, иаб игәараҭа авара адгьыл хкааны, аҩны ахьиргылашаз аҭыԥ алхны, цәаҳәа-цәаҳәала ашәырҵлақәа – аҵәа, аҳа, абҳәа, аца уҳәа еиҭаҳаны, аҵеиџь аҭыԥ азԥхьагәаҭаны иман. Деибыҭаҩын", - лажәа иацылҵоит Зарина.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра иалагаанӡагьы, аԥсуааи ақырҭцәеи рыбжьара аҿагыларатә акциақәа, амитингқәа ирылагахьан. Аԥсуаа ҿаӷәӷәала рганахь иаарԥшыз азакәан еилагарақәа рықәҿырҭуан.
Зарина Баснықԥҳа-Коӷониа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2024
Аԥсны
"Аибашьра ҳахьӡеит аҩны": Зарина Басныкԥҳа-Коӷониа лгәалашәарақәа
Роман Коӷониа иҭаацәеи иареи ахьынхоз Кәтол ақыҭан ақырҭцәа рацәаҩын. Изныкымкәа аҩ-милаҭк ахацәа напышьашәала еилалахьан.
"Ҽнак, ашҭаҿы ҳаштәаз, ҩыџьа ақырҭуа ҷкәынцәа ҳаанда азааигәара рыбжьы ҭыганы, аԥсуаа рзы ажәа хәымгақәа ҳәауа анахь-арахь илаҩеиуа иаван. Рома дҩаҵԥан, аанда дахыԥаны дрыжәлеит. Ҳара еибашьыр ҳәа ҳшәан, ҳаибарыҩуа ҳнеизар, иара рҩыџьегьы аҟәада рҿыхны асаара ишьҭаиҵахьан", - лҳәоит лара.
Рома маха-шьахала дыӷәӷәан. Абаҳчаҿы, аҵлақәа рыбжьара атурник адҟаҵаланы иман. Иара аҽышьҭхра мацара акәымкәа "солнце" захьӡу аҽазыҟаҵара мҩаԥигон, дакәшон.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага, Рома иҵара ааныжьны, иԥсадгьыл ахьчаразы иашьцәеи иҩызцәеи рыгәҭа дгылеит. Иара, ишаҳҳәаз еиԥш маха-шьахала дыӷәӷәан аҟнытә агранатаршәгаҩс дыҟан.

"Аӷацәа рыснаиперцәа аԥсуа гранатаршәгаҩцәа лымкаала ирзышәарыцон. Рома далахәын Лабра аҭарцәра. Убасҟан ауп аснаиапер илахь иақәиршәаз ахы иԥсҭазаара анҿахнаҵәаз. Даара исцәыуадаҩуп, аха исҳәар сҭахуп, Рома иԥсы иаразнак ишихымҵыз. Аҷкәын рыцҳа дышгәжәажәоз, нацәхыԥла адгьыл шицәкәкәоз илацәа неиқәиԥсеит", - лылаӷырӡ лызнымкыло, Рома иҭахашьа дазааҭгылоит Зарина.

Рома иӡбахә инарҭбааны иалацәажәашаз рахьтә зыԥсы ҭаны инхаз ҩыџьа иашьцәа роуп. Аха дара уи ихьӡ игәаӷьны ирзыҳәом. Илымкаа адәы иахьықәу рхы хырбаауеит.
"Сара сҭацоуп, хышықәса заҵәык роуп ҳахьеибадыруаз. Иара иеиԥш афырхаҵара злаз аҷкәын ас иркьаҿны иҭоурых сахьазааҭгылазгьы хьымӡӷысшьоит, аха еиҵагылаз абиԥара ҿа Рома иӡбахә злардыруеи саргьы ҿысымҭар. Афырхаҵара шьҭрала иаауеит рҳәоит. Рома иабду иашьцәа ҩыџьа, ԥсуаҵасла рыхьӡ аҳәара иашам, аха ари ҭоурыхуп: Лымшьеи Ԥарҭени Аџыр-иԥацәа Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аҟны иҭахеит. Даргьы усҟан Рома иқәлацәан", - лҳәоит Зарина.
Зарина Басныкԥҳа-Коӷониа лхаҭа аибашьра лгәы кылнаблааит. Ешыра, ԥхынгәы 25, 1993 шықәсазы дҭахоит 27 шықәса зхыҵуаз лаҳәшьа гәакьа Ирина (Басныкԥҳа) Сыҷынааԥҳа.
Ирина Сичинава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2019
Лыблақәа Аԥсны рхыубаалон: Ирина Сыҷынааԥҳа лгәалашәаразы
Рома Коӷониа данҭаха, амрахәага ҿыцәааит Шьалуа Коӷониа иҩнаҭаҟны. Аҷкәын иани иаби дшырхьааз ачымазарақәа дырҳан, хара имгакәа ихԥсааит.
Рома дҭаацәараӡамызт. Иашьҭахьҟа инхеит инхара-инҵыра ахьеиҿикаашаз идгьыл. Иҵлақәа иара иаамышьҭахь ирҿалоз ашәыр гьамадахеит…
Роман Шьалуа-иԥа Коӷониа данҭаха ашьҭахь ианашьан "Агәымшәаразы" амедал.
Ажәабжьқәа зегьы
0