https://sputnik-abkhazia.info/20261004/syra-aanakueit-a-eibashra-dtseit-aibashy-asamyr-arsaa-izkny-1066121699.html
"Сықәра аҵанакуеит" ҳәа еибашьра дцеит: аибашьҩы Асҭамыр Арсҭаа изкны
"Сықәра аҵанакуеит" ҳәа еибашьра дцеит: аибашьҩы Асҭамыр Арсҭаа изкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалагоз ашықәсан, Оҭҳаратәи абжьаратә школ иалгаз, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аекjномикатә факультет иастудентхаз... 04.10.2026, Sputnik Аҧсны
2026-10-04T08:20+0300
2026-10-04T08:20+0300
2026-10-04T08:20+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аԥсны
аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/03/1066121897_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_43d73013d324f479258faa99227c08cf.jpg
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалагоз ашықәсан, Оҭҳаратәи абжьаратә школ иалгаз, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аекjномикатә факультет иастудентхаз Асҭамыр Едурад-иԥа Арсҭаа, аҵараҵара дахьымӡакәа аԥсадгьыл ахьчара дазгылеит. Иара 18 ихымҵӡацызт, аха итәылауаҩшәҟәы ҵәахны, "сықәра аҵанакуеит" ҳәа мцла еибашьра дцеит. Оҭҳара ақыҭан ашәуаа (сваны) рацәаҩны инхон. Асҭамыр Арсҭаа иқәлацәаз реиҳараҩык, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсны ианақәла дара ирыдгылеит. Школк аҟны аҵара зцырҵоз аҷкәынцәа бџьаршьҭыхла ирҿагылеит. "Ҳара ҳқыҭа школ ҩ-секторкны аԥсуеи ақырҭуеи ҳәа еихшан. Ашәуааи ҳареи зны-зынла аимак-аиҿак ҳабжьалалон, аха ҳгәы иҭашәомызт мышкызны ӷацәас ҳашьҭырхоит ҳәа. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы, рацәак рыбжьы дыргомызт, аха аҿар аӡәырҩы маӡала ақыҭа иалҵны, ақырҭцәа рган ахь ицеит. Аԥсуа ҷкәынцәа зықәра аҵанакуаз Гагра ахырхарҭахь идәықәлеит, џьоукы Гәдоуҭаҟа, анаҩс Гәымсҭатәи афронт ахь. Сара 18 шықәса сзыхмҵӡацызт аҟнытә сахьнеилакгьы сдыргьежьуан. Нас амц сҳәеит, 18 сырҭысхьеит ҳәа. "Упаспорт аага" анырҳәа, исцәыӡхьеит ҳәа расҳәеит", - аибашьра раԥхьатәи амшқәа игәалашәоит Асҭамыр Арсҭаа. Ҩымз рҟынӡа, Асҭамыр Арсҭаа ақыҭа аҳәаақәа рыхьчара далахәын. Анаҩс, Гәдоуҭа, Витали Дармаа игәыԥ дахәҭакхоит. Арратә ҽазыҟаҵарақәа қәҿиарала дырхысны, Асҭамыр Гәымсҭатәи афронт ахь дцоит. Асҭамыр ҩыџьа иашьцәеи иаҳәшьеи дреиҳабын. Убри аҟнытә аҭаацәа зықәгәыӷуаз иара иакәын. Иан Марго Бениаԥҳаи иаб Едурад Арсҭааи мчыла аҩны дныркылоит ҳәа иалагеит, аха иара иҽӡаны дцеит. Аб изныкымкәа Гәымсҭантә диргьежьырц иҽазишәон, аха аиҿахысра ӷәӷәақәа ирхырҟьаны иԥа иааигәара дзымнеикәа дхынҳәуан. "Витали Дармаа даасыԥхьан, "уҭаацәа рҟынтә азин сауаанӡа уаҳа џьаргьы узгом" иҳәеит. Иара игәыԥ аҿы 90% аҿар ҳакәын иҟаз. Убри аҟнытә аҭакԥхықәра ихы иадҵаны дҳахӡыӡаауан, ҳҭаацәа ихьаан. Ажәакала, Оҭҳара сцеит, сани саби лыртәаны "шәсыламцәажәан, исыӡбаз ӡбоуп, сҩызцәа ахьыҟоу сыҟоуп" ҳәа расҳәеит. Ишырҭахымыз "ааи" дсырҳәан, сымҩаныфа ааидыркыланы снаскьаргеит", - иажәа иациҵоит аибашьҩы. Асҭамыр Арсҭаа игәыԥ Гәымсҭеи Шромеи ирыбжьан. Анаҩс аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит аҳҭнықалақь аҭарцәразы. Убасҟан иара, Чачхалиа зыжәлаз икомандаҟаҵараҿы дҟалеит. "Аҳабла ҿыц ҳнеиаанӡа, ПТУ ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны аиҿахысрақәа ҳрылагеит. Маҷк аҩада ҳанхала, ахыԥҽыха сарманапы иалалеит. Аха уиаҟара самыргәаҟӡеит. Еицқәаз зегьы "Аҵҳа ҟаԥшь" ҳнаӡеит, убраҟа егьырҭ абаталионқәа реибашьцәеи ҳареи ҳаиқәшәеит. Аԥхьанатә сызцыз, Витали Дармаа игәыԥ иалақәазгьы збеит. Сгәырӷьацәа санрыдгыла исарҳәеит, школк аҟны аҵара зцысҵоз, шықәсык исеиҳабыз Омар Багаҭелиа дышҭахаз. Класск аҿы исыцтәаз, Беслан Папцааи Ахра Аибеи ахәрақәа шроуз. Ари ажәабжь даара игәнызгеит. Омар убриаҟа дҟәышын, "хәба" ҳәа аҵара иҵон, ауниверситет аҿгьы иреиӷьыз астудент ҳәа дыԥхьаӡан. Убасҟан еилыскааит Аԥсны дшацәыӡыз аӡәк ҳәа иаҵагылашаз ауаҩы", - ихьаа ҳацеиҩишоит сажәабжьҳәаҩ. Аибашьраҟны дҭахеит, Оҭҳаратәи ашкол аҟны Асҭамыр хышықәса класск аҿы аҵара зциҵоз Руслан Арсҭаагьы. 17 шықәса зхыҵуаз арԥыс ашәара закәыз издыруамызт, избанзар аԥсҭазааратә ԥышәа имамызт. Нас ауп ихаҿы иааиуа ианалага, закәытә шәарҭараз изҭагылаз. "Аибашьраҿы аԥсрагьы ҽакала уахәаԥшуа уалагоит. Азнык азы угәы ҭыԥсаауеит, нас уашьцылоит", - иҳәоит Асҭамыр.Аҟәа ахақәиҭтәра ашьҭахь ҩымш ааҵуаны, Асҭамыр аҩныҟа дыршьҭуеит. Адырҩаҽны ажәабжь бзиа ажәҩан иалыҩҩоит. Ахысбыжьқәа рыла еиликаауеит Аиааира шыҟалаз.Асҭамыр Арсҭаа аибашьра ашьҭахь аррамаҵура дахысуеит. Гал араион аҳәаақәа рыхьчарахьгьы изныкымкәа дрышьҭахьан.
https://sputnik-abkhazia.info/20261002/asharytsaga-shala-gagra-airtsuan-aibashy-adamyr-khagysh-iourykh-1066090627.html
https://sputnik-abkhazia.info/20261001/aikhaany-dadyrkheit-gagra-ialakhany-iaz-arkadi-pasania-iourykh-1066058166.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/03/1066121897_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_acd8653113decb91297a020bbb111725.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалагоз ашықәсан, Оҭҳаратәи абжьаратә школ иалгаз, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аекjномикатә факультет иастудентхаз Асҭамыр Едурад-иԥа Арсҭаа, аҵараҵара дахьымӡакәа аԥсадгьыл ахьчара дазгылеит. Иара 18 ихымҵӡацызт, аха итәылауаҩшәҟәы ҵәахны, "сықәра аҵанакуеит" ҳәа мцла еибашьра дцеит.
Оҭҳара ақыҭан ашәуаа (сваны) рацәаҩны инхон. Асҭамыр Арсҭаа иқәлацәаз реиҳараҩык, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсны ианақәла дара ирыдгылеит. Школк аҟны аҵара зцырҵоз аҷкәынцәа бџьаршьҭыхла ирҿагылеит.
"Ҳара ҳқыҭа школ ҩ-секторкны аԥсуеи ақырҭуеи ҳәа еихшан. Ашәуааи ҳареи зны-зынла аимак-аиҿак ҳабжьалалон, аха ҳгәы иҭашәомызт мышкызны ӷацәас ҳашьҭырхоит ҳәа. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы, рацәак рыбжьы дыргомызт, аха аҿар аӡәырҩы маӡала ақыҭа иалҵны, ақырҭцәа рган ахь ицеит. Аԥсуа ҷкәынцәа зықәра аҵанакуаз Гагра ахырхарҭахь идәықәлеит, џьоукы Гәдоуҭаҟа, анаҩс Гәымсҭатәи афронт ахь. Сара 18 шықәса сзыхмҵӡацызт аҟнытә сахьнеилакгьы сдыргьежьуан. Нас амц сҳәеит, 18 сырҭысхьеит ҳәа. "Упаспорт аага" анырҳәа, исцәыӡхьеит ҳәа расҳәеит", - аибашьра раԥхьатәи амшқәа игәалашәоит Асҭамыр Арсҭаа.
Ҩымз рҟынӡа, Асҭамыр Арсҭаа ақыҭа аҳәаақәа рыхьчара далахәын. Анаҩс, Гәдоуҭа, Витали Дармаа игәыԥ дахәҭакхоит. Арратә ҽазыҟаҵарақәа қәҿиарала дырхысны, Асҭамыр Гәымсҭатәи афронт ахь дцоит.
"Гәымсҭа аӡиас ҳаныруа ахымҩаԥгашьа ҳақәшәарц азы, Хыԥсҭа аӡиас аҟны аҽазыҟаҵарақәа ҳархысит. Уи аԥхьаҟа автомат ала ахысшьа ҳдырҵеит. Сара аррамаҵура ахысра сахьымӡеит аҟнытә даара исыхәеит исырҳаз аԥышәа", - иҳәоит аибашьра аветеран.
Асҭамыр ҩыџьа иашьцәеи иаҳәшьеи дреиҳабын. Убри аҟнытә аҭаацәа зықәгәыӷуаз иара иакәын. Иан Марго Бениаԥҳаи иаб Едурад Арсҭааи мчыла аҩны дныркылоит ҳәа иалагеит, аха иара иҽӡаны дцеит. Аб изныкымкәа Гәымсҭантә диргьежьырц иҽазишәон, аха аиҿахысра ӷәӷәақәа ирхырҟьаны иԥа иааигәара дзымнеикәа дхынҳәуан.
"Витали Дармаа даасыԥхьан, "уҭаацәа рҟынтә азин сауаанӡа уаҳа џьаргьы узгом" иҳәеит. Иара игәыԥ аҿы 90% аҿар ҳакәын иҟаз. Убри аҟнытә аҭакԥхықәра ихы иадҵаны дҳахӡыӡаауан, ҳҭаацәа ихьаан. Ажәакала, Оҭҳара сцеит, сани саби лыртәаны "шәсыламцәажәан, исыӡбаз ӡбоуп, сҩызцәа ахьыҟоу сыҟоуп" ҳәа расҳәеит. Ишырҭахымыз "ааи" дсырҳәан, сымҩаныфа ааидыркыланы снаскьаргеит", - иажәа иациҵоит аибашьҩы.
Асҭамыр Арсҭаа игәыԥ Гәымсҭеи Шромеи ирыбжьан. Анаҩс аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит аҳҭнықалақь аҭарцәразы. Убасҟан иара, Чачхалиа зыжәлаз икомандаҟаҵараҿы дҟалеит.
"Аҳабла ҿыц ҳнеиаанӡа, ПТУ ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны аиҿахысрақәа ҳрылагеит. Маҷк аҩада ҳанхала, ахыԥҽыха сарманапы иалалеит. Аха уиаҟара самыргәаҟӡеит. Еицқәаз зегьы "Аҵҳа ҟаԥшь" ҳнаӡеит, убраҟа егьырҭ абаталионқәа реибашьцәеи ҳареи ҳаиқәшәеит. Аԥхьанатә сызцыз, Витали Дармаа игәыԥ иалақәазгьы збеит. Сгәырӷьацәа санрыдгыла исарҳәеит, школк аҟны аҵара зцысҵоз, шықәсык исеиҳабыз Омар Багаҭелиа дышҭахаз. Класск аҿы исыцтәаз, Беслан Папцааи Ахра Аибеи ахәрақәа шроуз. Ари ажәабжь даара игәнызгеит. Омар убриаҟа дҟәышын, "хәба" ҳәа аҵара иҵон, ауниверситет аҿгьы иреиӷьыз астудент ҳәа дыԥхьаӡан. Убасҟан еилыскааит Аԥсны дшацәыӡыз аӡәк ҳәа иаҵагылашаз ауаҩы", - ихьаа ҳацеиҩишоит сажәабжьҳәаҩ.
Аибашьраҟны дҭахеит, Оҭҳаратәи ашкол аҟны Асҭамыр хышықәса класск аҿы аҵара зциҵоз Руслан Арсҭаагьы.
17 шықәса зхыҵуаз арԥыс ашәара закәыз издыруамызт, избанзар аԥсҭазааратә ԥышәа имамызт. Нас ауп ихаҿы иааиуа ианалага, закәытә шәарҭараз изҭагылаз.
"Аибашьраҿы аԥсрагьы ҽакала уахәаԥшуа уалагоит. Азнык азы угәы ҭыԥсаауеит, нас уашьцылоит", - иҳәоит Асҭамыр.
Аҟәа ахақәиҭтәра ашьҭахь ҩымш ааҵуаны, Асҭамыр аҩныҟа дыршьҭуеит. Адырҩаҽны ажәабжь бзиа ажәҩан иалыҩҩоит. Ахысбыжьқәа рыла еиликаауеит Аиааира шыҟалаз.
"Урҭ ацәаныррақәа акы иалаҩашьом. Уҩызцәа рылымкаа адәы уанықәлахгьы, ршьа шуыу аныудыруа ухьааи агәҭынчреи еилалоит. Ажәала аҳәара уадаҩуп уҩнуҵҟа уеимаздо ацәаныррақәа ртәы", - ҳәа азгәеиҭоит аибашьра аветеран.
Асҭамыр Арсҭаа аибашьра ашьҭахь аррамаҵура дахысуеит. Гал араион аҳәаақәа рыхьчарахьгьы изныкымкәа дрышьҭахьан.