00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
13:05
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
On air
14:04
3 мин
On air
14:06
1 мин
On air
14:07
3 мин
On air
14:29
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:02
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:02
3 мин
Новости
21:31
2 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Актуальный комментарий
14:34
11 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Амшцәгьа ахҟьаԥҟьа Аҟәа араион аҿы: Алхас Ҷыҭанаа иҿцәажәара
18:16
3 мин
Новости
Главные темы
18:37
13 мин
Такие обстоятельства
On air
18:50
2 мин
Актуальный комментарий
Сухум после ливня: как справляется ЖКХ
18:52
10 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аиҩхааҟны дҭадырхеит": Гагра иалаханы иҟаз Аркади Пасаниа иҭоурых

© FotoАркади Пасаниа
Аркади Пасаниа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2026
Анапаҵаҩра
34 шықәса аибашьра атема иаламцәажәацыз Дамир, сынтәа игәаӷьит игәы аартра. Иаб иаҳаҭыр азы, ахҵәацәа раҳаҭыр азы… Саша иаҳаҭыр азы…
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Гагра араион аӷа инапаҵаҟа иахьынӡаҟаз, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа, ақалақь изалымҵыз гәыԥҩык аԥсуаа рыҩнқәа ирдәылганы, иргәаҟны иҭадырхеит. Урҭ рыгәҭа дыҟан Аркади Шьрыф-иԥа Пасаниа. Сынтәа арҭ ахҭыс еиқәаҵәақәа раахыс 34 шықәса ҵуеит, аха Аркади иԥа, усҟан 16 шықәса зхыҵуаз Дамир Пасаниа ибзиаӡаны игәалашәоит ирхыргаз агәаҟрақәа.
Sputnik, Саида Жьиԥҳа
Аркади Шьрыф-иԥа Пасаниа ҳаҭыр дуӡӡа зқәыз хаҵан. Иара активла далахәын амилаҭ хақәиҭратә қәԥара. Гагра еиҿкааз Жәлар Рфорум "Аидгылара" аҟәша далахәылаҩын. Аус иуан ахәаахәҭра ахырхарҭала. Гагра, авокзал азааигәара адәқьан дахагылан.
"Саб данқәыԥшыз инаркны, ақырҭуа милаҭ аԥсуаа рганахь имҩаԥыргоз аполитика даҿагылон. Амитингқәеи амлашьратә акциақәеи уҳәа зехьынџьара дубон. 14 шықәса схыҵуан, "амузеи ақырҭцәа ақәлоит, ихьчатәуп" ҳәа симаны данцоз. Иара адәқьан напхагара аиҭон. 1991 шықәсазы Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра ианалага, агәыҳалалратә цхыраара аҳасабала, машьынала уахь афатә ашьҭра илшеит. Ақырҭцәа уи дахырҟьаны аусура дамархит, аӡбарҭагьы дарҭеит", — иаб иҭоурых далацәажәоит Дамир Пасаниа.
Нанҳәа 14, 1992 шықәсазы, Дамир Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет, аиуристтә факультет даҭалоит ҳәа раԥхьатәи аԥышәара иҭиуан. Иаб уи аҽны Аҟәаҟа длеит иԥа иахь, аха дара амҩан еиҩнагеит. Дамир Бамбораҟа дцеит. Аҟәа инхоз Аркади иаҳәшьаԥа Адик Папба, милаҭла иақырҭуаз иҩызцәа рыцхыраарала ианшьа ақалақь далҵыртә иҟарҵеит.
Нанҳәа 15 аҽны, Дамир Гаграҟа ддәықәлеит, аха ақырҭуа ар Ԥсахара иааины игылахьан аҟнытә, Гагра дзаламлаӡеит.
аибашьҩы Роман Коӷониа иҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2026
Аԥсны
"Уаҵәашьҭахь иҟалоз - иахьа идыруан": аибашьҩы Роман Коӷониа иҭоурых
"Сҭаацәа аӷа инапаҵаҟа иаанхеит. Ақырҭцәа иҭҟәаны иргеит Енвер Ерасҭ-иԥа Қапба иԥацәеи иареи, Алиоша Қәпалба, Шамба хаҵак, убас саб. Инаганы Ԥсахара ақырҭуа школ ахыбра иҩнаркит. Енвер Қапба иԥшәмаԥҳәыси Едуард Шеварнаӡе иахьеибадыруаз иабзоураны, Қапаа аурыжьырц адҵа ҟалеит, аха Енвер Ерасҭ-иԥа "абра иҟоу аԥсуаа зегьы ҳаицоушәмыжьыр, џьаргьы ҳцом" аниҳәа, иажәа нарыгӡеит, аха саб аҩныҟа дхынҳәит. Уи алагьы иаџьал ирааигәеит", — иҳәоит аԥа.
Дамир изныкымкәа Гаграҟа даауеит ҳәа иақәикхьан, аха Ԥсахара ӷәӷәала аиҿахысрақәа цон. Амчқәа реиҟарамра иахырҟьаны Гагра уалало иҟамызт. Арԥыс Бамбора ианшьцәа Лакәараа рҟны дшыҟаз, адырра ҟалоит аӷацәа рдесант ӡхыҵыр алшоит, аҳәсеи ахәыҷқәеи ӷбала Шәачаҟа ишьҭтәуп ҳәа. Усҟан Дамири иара иқәлаз 16-17 шықәса зхыҵуаз аҷкәынцәа Қьамал Лакәаба, Амиран Ажьиба, Мака Ажьиба уҳәа, 80-ҩык рҟынӡа аҳәсеи ахәыҷқәеи Шәачанӡа инаскьаргеит.
Гулик Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2023
Аԥсны
"Сара, Гәылик Жьиба соуп": зхы шәаџьҳәаҩыс иҟазҵаз аибашьҩы иҭоурых
"Ахаан исхашҭуам уи аӷба "Енисеи", убас Шәачатәи абаӷәаза иқәыҩуаз аԥсуа анацәеи ахәыҷқәеи рыҵәаабжь. Уаҟа, амилициа аусзуҩцәа рабџьар кны, арахә еиԥш иҳалагьежьуан. "Ара шәымгылан, наҟ шәнаскьа, шәабаанагеи" ҳәа ишҳаҵаҟьоз абаӷәаза аҵакыраҟнытә ҳаԥхарҵеит. Аҷкәынцәеи сареи "Гармошка" ҳәа изышьҭоу автобус арныҟәцаҩ ҳиацәажәан, авокзал ахь ҳаигеит. Убраҟа ахьҭа ҳакны, ҳамлашьуа ҳашгылаз, амашьына "Мерседес" аангылан, дааҭыҵит қәрала 30-35 шықәса зхыҵуаз, еинааланы еилаҳәаз, ԥшрала еиҿкааз хаҵак. "Аԥсуаа шәыҟоума" ҳәа ибжьы анирга, "ааи" ҳҳәеит ҳаргьы. Иганахь ҳаԥшызар, автобус ҿыцқәа хԥа гылоуп. "Шәаала, шәахьышьҭало ыҟоуп, ишәфо ишәжәо ыҟоуп" ҳәа ааԥхьара ҳаҭо автобусқәа рахь инапы наирхеит. Азнык азы игәра ҳзымгошәа ҳааҟалеит. Абриаҟара ааԥсара ҳахганы, ана-ара аԥстәқәа реиԥш ишҳаҵаҟьоз, абар ашана. "Сара, Саша Кьиут сыхьӡоуп, Шәача аҩахыс, Вардане апансионат "Искра" сеиҳабуп, шәсышьҭал иҳәеит. Сара сахь дааҳәын, "исҳәо хаумҵозар, абар стапанча, ҳҭыԥ аҟныӡа ҳнеиаанӡа уара уҿы иҟаз" иҳәеит. Ус ҳааизибаган, автобусқәа ҳрықәтәаны имашьына ҳнашьҭалеит", — ахҭыс игәалашәоит Дамир Пасаниа.
Саша Кьиут, Аԥснытәи ахҵәацәа ашарԥазы апансионат ахь иманы даннеи, иусзуҩцәа зегьы ԥшны игылан. Иаразнак ирхианы иҟаз аишәахь иаарыԥхьеит, акрахьынӡарфоз аномерқәа рцаԥхақәа шаны ирырҭеит. Иазгәаҭатәуп, Саша ахҵәацәа рыдкылара иҽшазыҟаиҵахьаз. Иара ипансионат иҩназ аԥсшьаҩцәа, егьырҭ апансионатқәеи аԥсшьарҭа ҩнқәеи рахь еихшаны иигеит, мап ацәызкыз аԥарақәа рзишәеит.
"Сара ахаан исхашҭуам усҟантәи афатә агьама. Иӡны иҳадыргалаз акартоши акәтыжьи шанак иаҳзаҩызан. Аамҭак ашьҭахь ари апансионат ахь иааит сани саҳәшьеи. Убасҟан саби сареи ҭелла ҳаицәажәеит. Издыруазма уи нахыс уаҳа ибжьы шысмаҳауа… Сара санцәажәоз иара ҿымҭӡакәа дысзыӡырҩуан, акраамҭа ибжьы анимыргоз еилыскаауан аҵәыуара дшаҿыз. Иара ицәа иалашәеит уаҳа шҳеибамбоз", — илаӷырӡ аарла инкыло иажәа иациҵоит Дамир.
Арыцхә 30 аҽны, Дамир иҩызцәеи иареи ӷбала Бамбораҟа иааит. Уи инаркны арԥыс иаб дишьҭалоит. Ииулак аҭел дизасуеит аибашьра аԥхьа иаб ҩыза бзиас имаз, аус зциуаз ргәыла хаҵа Гиа Иванишьвили. Уи агәра ииргеит амилициа аҟәшаҟны дшыҟоу, иаарласны аиҭныԥсахлара дшақәшәо. Аха аамҭа цеит, Аркадии ихабар ыҟам. Анаҩс, Дамир ианшьа Зурик Лакәаба иҩыза, ақырҭуа хаҵа Бадри Ԥерцхьелиани ҳәа иҟаз иҽимаданы Аркади иҭоурых дазҵааит. Уи иҳәеит џьаргьы дшарбам, аҩнгьы дшыҟам.
Гагра араион ахы ианақәиҭха, Дамир иаразнак ахәшәтәырҭеи аморги еимидеит, аха иаб димбеит. Анаҩс, агәыла ԥҳәыс илҳәеит Аркади, Гиа Иванишьвили имашьына дақәыртәаны, амилициа аусзуҩцәа хҩык дышриҭаз. Дара автомат ала иааисуа Гагра ажәытә хәҭахьы дшыргаз.
Алхас Қәԥалба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2026
Аԥсны
"Сҩызцәа сыбла ихгылоуп": Алхас Қәпалба игәалашәарақәа
"Жәаҩакәаратәи аиҩхааҿы ҳара ҳтәқәа аӡәырҩы ганы ишыршьыз рҳәеит саб иҩызцәа, Иуреи Лиосики Сабуаа. Дара убрантәи аимаақәа ааргеит, Аркади имаз еиԥшуп ҳәа. Сан, "арҭ иара итәӡам" ҳәа абарҵантәи дгәамҵны ианлыршә, аимаа аҵаршә аҟнытә аԥарақәа каԥсеит. Иара уа иаҵаҵаны иҵәахлон. Уиалоуп излеилаҳкааз Жәаҩакәаратәи аиҩхааҟны дшыршьыз. Урҭ аԥарақәа иахьагьы иҵәахны исымоуп. Саб аиашьа ҳәа ииԥхьаӡоз, ашкол саналга сҭаацәа идырхиаз аныҳәатә аишәаҟны талбошьс иҟаз Гиа Иванишьвили ибыз иахырҟьаны, ахара здымыз ауаҩы дҭахоит. Иигәаӷьызеи ҭелла "умшәан, уаб иԥсы ҭоуп, ирлас аиҭныԥсахлара дақәшәоит" ҳәа ансаиҳәоз…", — угәы ҭызшьаауа ахҭыс еиҭеиҳәоит Аркади иԥа.
Дамир Пасаниа Жәаҩакәаратәи аиҩхааҟны иаб иԥсыбаҩ аниԥшаауаз, Аркади имаҭәа ахәҭақәаки, ибла ихиҭәалоз ахәшә аҭреи рылоуп ишеиликааз иара шиакәу араҟа ишьҭоу. Абаҩқәагьы маҷын инхаз. Абнараҟны агыгшәыгқәа иргахьан.
"Саб дшыршьуаз збаз, аиҩхааҟны инхоз аурыс хаҵа исеиҳәеит, ақырҭцәа —"Наунагӡа Қырҭтәыла ҳәа ҿуҭыр уоуҳажьуеит, амала жәаба рҟынӡа ҳаԥхьаӡоит, анаҩс ашәарах ианазышәарацо еиԥш ҳхысуа ҳушьҭалоит, акәымзар уабаржәыцәҟьа уаҳшьуеит" ҳәа. Саб рыцҳа, убри аамҭазы ақырҭуа милаҭ рзы ацәҳара далагазаап. Даргьы убраацәҟьа дырҟәаҟәеит. Ибаҩ ахьышьҭаз 45 аџьазцәа (гильза) сыҟәшәеит", — еиҭеиҳәоит иахьагьы игәырҩо аԥа.
Дамир Пасаниа иаб ибаҩ анышә иамаданы, иҩызцәа дрыцны аибашьра дцоит ҳәа далагеит. Азнык азы Витали Ажьиба идҵаҟаҵарала, анаҩс Витали Чыргба. Аха дара, 16 шықәса зхыҵуаз абиԥазаҵә аӷа диҿадыргылозма. Дыжьжьауа акраамҭа дааргон, "уажәы уаангыл" ҳәа. Аха Дамир аҩны дымтәеит, иқәлацәа Гена Аиба, Рафаель Агрба, Аста Барцыц, Феликс Џьыкырба, Вадим Лашәриа уҳәа дрыцны, Пицундатәи абаталион дахәҭакны Шромаҟа дцеит. Далахәын аҳҭнықалақь Аҟәа аҭарцәра.
Анатолий Коркия - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2026
Аԥсны
"Дышҭахоз ицәа иалашәеит": Анатоли Коркьиа игәалашәара иазкны
Дамир аибашьраан ихигаз ауадаҩрақәа маҷӡам, аха зегь раасҭа игәалашәараҿы инхаз, шықәсырацәала иԥхыӡ иалаз Шәачаҟа имҩаԥигоз ахҵәацәа роуп. Дара рҵәыуабжьы уардагәартә иҟан. Убри инамаданы, иҟоуп Дамир игәниго ҽакы. Уи Саша Кьиут иҭахароуп. Гагра ахы иақәиҭхеит ҳәа адырра зауз, зықьҩыла Аԥснытәи ахҵәацәа апансионат аҟны издызкылаз ахаҵа, машьынала Гаграҟа дандәықәла, ҳаибашьцәа аҳәааҟынӡа имнеицкәа иҟан. Саша иабаидыруаз уи. Цандрыԥшь дшааиуаз, агәыԥ "Мхьедриони" иалаз аӷацәа иааигәыдҵаны дыршьуеит…
34 шықәса аибашьра атема иаламцәажәацыз Дамир, сынтәа игәаӷьит игәы аартра. Иаб иаҳаҭыр азы, ахҵәацәа раҳаҭыр азы… Саша иаҳаҭыр азы…
Ажәабжьқәа зегьы
0