Жәлар Реизара аҟны иҟоу Аҿар рпарламент раԥхьатәи аилатәара мҩаԥысит Апарламент аҿы
17:56 28.10.2026 (ирҿыцуп: 19:14 28.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 28 — Sputnik. Жәлар Реизара аҟны иҟоу Аҿар рпарламент раԥхьатәи аилатәара мҩаԥысит Апарламент аҿы.
Уи мҩаԥигеит Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба. Амшхәаԥштә инақәыршәаны имҩаԥысит анапхгара ралхра: ахантәаҩы — Анас Лашәриа, ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ — Самеи Ашәба, апарламент амаӡаныҟәгаҩ — Софиа Ҳагԥҳа.
Лаша Ашәба урҭ дрыдныҳәалеит, Аҿар рпарламент адепутатцәа русураҿы ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит.
Иара иазгәеиҭеит аусбарҭа ахықәкы хадақәа — аҿартә политика анагӡара ацхраара, аҿар ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара ралархәра, аҿар рзинқәеи ринтересқәеи ирхьысуа азҵаарақәа рзы ажәалагалақәа разырхиара.
Аҿар рпарламент ахь алхрақәа реихшьаалақәа ҟаҵан рашәара 2 рзы. 63-ҩык акандидатцәа рҟынтәи иалхын 19-ҩык аҿар — хәҩык Аҟәантәи, ҩыџьа-ҩыџьала ареспублика араионқәа зегьы рзы.