Аԥсны аенергетикатә ҿиара астратегиа иалацәажәеит Ауаажәларратә палатаҿы
21:05 28.10.2026 (ирҿыцуп: 22:01 28.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 28 — Sputnik. Аԥсны аенергетикатә ҿиара астратегиа иалацәажәеит Ауаажәларратә палатаҿы.
Аилатәара иалахәын аенергетика аминистр Баҭал Мышәба, “Амшынеиқәафымцамч” аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал, Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар ҳәа аанацҳауеит АП апресс-маҵзура.
Апрофильтә комиссиа алахәыла Инал Лазба иазгәеиҭеит аусхк ихадоу арбагақәа ранализ амчра аусбарҭақәа абжьгарақәа аус рыдулара шьаҭас иаиуроуп ҳәа.
Излацәажәаз азҵаарақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: аԥхьаӡагақәа рышьақәыргылареи аизгареи, араионқәа рыла еихшаны аенергосистема анализ амҩаԥгара алыршара, ахархәара адинамика.
Аилатәара аихшьаалақәа ҟаҵо, алахәылацәа аҭҵаарадырратә еилазаареи аенергетикцәеи адыԥхьаланы атәыла аенергетикатә ҿиара астратегиа аус адулара шхымԥадатәиу азгәарҭеит.