Атакси арныҟәцаҩцәа алицензиа рыҭараҿы аиҭакрақәа аҩнуҵҟатәи аџьатә џьармыкьа ахьчоит
11:23 29.10.2026 (ирҿыцуп: 11:27 29.10.2026)

© Sputnik / Михаил Воскресенский
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 29 — Sputnik. Атакси арныҟәцаҩцәа алицензиа рыҭараҿы аиҭакрақәа аҩнуҵҟатәи аџьатә џьармыкьа ахьчара иазырхоуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Аекономика аминистрра.
Уажәшьҭарнахыс апассаџьырцәа рымҩангара знапы алакхо Аԥсны атәылауааи, аамҭала анхаразы азин змоу аҳәаанырцәуааи, анхаразы азин змоу, мамзаргьы ареспубликахь визада иаҭаар зылшо атәылауааи роуп.
Атакси амаҵзурақәа Аекономика аминистррахь инарышьҭлароуп амашьынарныҟәцаҩ-цыԥхьаӡа ртранспорттә хархәага-цыԥхьаӡа рзы аусшәҟәқәа.
Ақәҵара рыдыркылаанӡа азакәанԥҵара аҳәаанырцәтәи атәылауаа атакси арныҟәцаҩцәа раҳасабала аусурахь рыдкыларазы аԥкра амаӡамызт. Жьҭаара 26 инаркны ари аҩыза аԥҟара амчра аиуит.