Алешкина агуманитартә миссиа аҵакыраҿы аҭынчра арежим еилагарада иҟоуп
10:18 30.10.2026 (ирҿыцуп: 16:23 30.10.2026)

© Sputnik / Сергей Бобылев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 30 — Sputnik. Алешкина агуманитартә миссиа аҵакыраҿы аҭынчра арежим еилагарада иҟоуп ҳәа лҳәеит Урыстәыла ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иана Лантратова.
Еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи 50-ҩык инареиҳаны ажурналистцәа амиссиа амҩаԥысшьа атәы еиҭарҳәоит.
"Уажәы еиҳарак ихадоуп аҭынчра арежим аиқәырхара. Ганцыԥхьаӡа рҭакԥхықәра иадҳәалоуп аҭынч уааԥсыреи амиссиа алахәылацәеи ршәарҭадара", — ҳәа лыҩуеит лара.
Алешкино Днепр армарахьтәи аԥшаҳәаҿы ишьҭоуп. Киев анапаҵаҟа иҟоу ақалақь, Херсон аҿаԥхьа иҟоуп. Ақалақь аҿы агуманитартә ҭагылазаашьа уадаҩ ҟалеит, иарахьы анеирҭақәа Украинатәи Арбџьармчқәа аминақәа анрыҵарҵа.
Аинышәаразы аиқәшаҳаҭра ашьҭахь урыстәылатәи аруаа ироуит алшара амҩақәа аминақәа рыҵырхыртә еиԥш. Иалагеит ацхыраара анагареи аҭынч уааԥсыра ралгареи.
Изҭаху Украина анапаҵаҟа иҟоу аҵакырахь ихынҳәыр рылшоит.
Ақалақь ахь инагоуп агуманитартә цхыраара — афатә аалыҵқәа, агигиенатә хархәагақәа, аԥсҭазааразы иахәҭоу зегьы, амедицинатә маҭәашьарқәа, абылтәы. Аҭыԥ аҿы аус руеит 50-ҩык рҟынӡа амедусзуҩцәа.
Аоперациа ҳәаақәырҵоит Урыстәылеи Украинеи ромбудсменцәа.