https://sputnik-abkhazia.info/20261104/1066749080.html
Бадра Гәынба ацитрустә шәырқәа рекспорт азы аилацәажәара мҩаԥигеит
Бадра Гәынба ацитрустә шәырқәа рекспорт азы аилацәажәара мҩаԥигеит
Sputnik Аҧсны
Аилацәажәараҿы ақыҭанхамҩатә аалыҵ аарыхыҩцәа ртауар аҭираҿы ацхыраара рыҭара азҵаарақәа ирылацәажәеит. 04.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-04T12:49+0300
2026-11-04T12:49+0300
2026-11-04T13:39+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0a/1045192097_0:0:3068:1727_1920x0_80_0_0_71bd5e613685c9059d7ad213bc17ab3e.jpg
АҞӘА, абҵара 4 — Sputnik. Бадра Гәынба ацитрустә шәырқәа рекспорт азы аилацәажәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Иара иҳәеит 2025-2026 шықәсқәа рзтәи асезон азы атәыла анапхгара иқәдыргылоз ауснагӡатәқәа апрофильтә маҵзурақәа зегьы оперативла ишырыӡбоз."Раԥхьа иргыланы ари амандарина аазрыхуа, аматериалтә лшарақәа роура аҳасабала ахашәалахәы иазыԥшу анхацәа рџьабаа ауп", — ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.Ҷыдала иҳәеит иахәҭоу аусшәҟәқәа реиқәыршәара аамҭа маҷны иаҭахны иҟазароуп, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭира знапы алаку атәылауаа сааҭла аҳәаахьчаратәи аҳазалхратәи процедурақәа рхысра иазыԥшымзарц азы ҳәа.Амандарина аус адуларазы анаплакы Аԥсны аусура иалагоит сынтәа ҳәа иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба."Икондициатәым атауар ҳәа изышьҭоу еиҳа ахә лаҟәны аҭира алшоит, аха убри аан ари аҩыза аалыҵ акажьра аҭаххаӡом", — ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.Анаплакы аалыҵ аҩнуҵҟатәи аџьармыкьа иазырхам аҟнытә, ареспублика анҭыҵ атауарқәа рекспорт аҿы ацхраара аҭахуп.Гәынба иҳәеит амандарина-ҩыз аҭиразы иназыцҵоу алшарақәа рыԥшаара ишаҿу, ахәаахәҭратә ҳақәа аус рыцурагьы уахь иналаҵаны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0a/1045192097_172:0:2903:2048_1920x0_80_0_0_8d24dca0c8ddb83a1bc13fdc812e8178.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Бадра Гәынба ацитрустә шәырқәа рекспорт азы аилацәажәара мҩаԥигеит
12:49 04.11.2026 (ирҿыцуп: 13:39 04.11.2026) Аилацәажәараҿы ақыҭанхамҩатә аалыҵ аарыхыҩцәа ртауар аҭираҿы ацхыраара рыҭара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
АҞӘА, абҵара 4 — Sputnik. Бадра Гәынба ацитрустә шәырқәа рекспорт азы аилацәажәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Иара иҳәеит 2025-2026 шықәсқәа рзтәи асезон азы атәыла анапхгара иқәдыргылоз ауснагӡатәқәа апрофильтә маҵзурақәа зегьы оперативла ишырыӡбоз.
"Раԥхьа иргыланы ари амандарина аазрыхуа, аматериалтә лшарақәа роура аҳасабала ахашәалахәы иазыԥшу анхацәа рџьабаа ауп", — ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.
Ҷыдала иҳәеит иахәҭоу аусшәҟәқәа реиқәыршәара аамҭа маҷны иаҭахны иҟазароуп, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭира знапы алаку атәылауаа сааҭла аҳәаахьчаратәи аҳазалхратәи процедурақәа рхысра иазыԥшымзарц азы ҳәа.
Амандарина аус адуларазы анаплакы Аԥсны аусура иалагоит сынтәа ҳәа иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.
"Икондициатәым атауар ҳәа изышьҭоу еиҳа ахә лаҟәны аҭира алшоит, аха убри аан ари аҩыза аалыҵ акажьра аҭаххаӡом", — ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.
Анаплакы аалыҵ аҩнуҵҟатәи аџьармыкьа иазырхам аҟнытә, ареспублика анҭыҵ атауарқәа рекспорт аҿы ацхраара аҭахуп.
Гәынба иҳәеит амандарина-ҩыз аҭиразы иназыцҵоу алшарақәа рыԥшаара ишаҿу, ахәаахәҭратә ҳақәа аус рыцурагьы уахь иналаҵаны.