Владимир Делбеи Лаша Ашәбеи Урыстәыла анапхгара Жәлар ракзаара амш рыдырныҳәалеит
14:06 04.11.2026 (ирҿыцуп: 15:41 04.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 4 — Sputnik. Аԥыза-министр Владимир Делбеи Апарламент аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәыла анапхгара Жәлар ракзаара амш рыдырныҳәалеит.
Аԥсни Урыстәылеи шәышықәсалатәи аиҩызареи, агәылеимабзиареи, аицхыраареи ртрадициақәа еидырҳәалоит. Ари азинеиҟарареи, апатуқәҵареи, ԥсахра змам адоуҳатә беиарақәеи рзеиԥш еилкаареи рыпринципқәа шьаҭас измоу аидгыларатә еизыҟазаашьақәа шьаҭас ирымоуп ҳәа азгәеиҭеит Владимир Делба Урыстәыла Аиҳабыра рхада Михаил Мишустин иахь иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.

"Урыстәыла апозициақәа қәҿиарала рыҿиареи рырӷәӷәареи рзы урыстәылатәи ажәлар ракзаара, урҭ рпатриотизмра, рабдуцәа ртрадициақәа гәык- ԥсыкала рзыҟазаара, атәыла ду асуверенитети ахьыԥшымреи реиқәырхаразы иарбанызаалак аҭоурыхтә шәарҭарақәа риааира алыршара – узықәгәыӷша шьаҭоуп", — ҳәа аҳәоит Лаша Ашәба Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин изишьҭыз анашьҭымҭаҿы.
Ари амш иаанарԥшуеит Урыстәыла аҭоурых афырхаҵаратә даҟьақәа, иазгәанаҭоит ауаажәларра реидкылара, милаҭрацәала еилоу урыстәылатәи аҳәынҭқарра акультуратә, адоуҳатә, аҭоурыхтә традициақәа реиқәырхара иааныркыло аҭыԥ ҳәа азгәеиҭеит Ашәба, Афедерациатә хеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко лыдныҳәалараан.
Жәлар ракзаара амш – Кузьма Минини Дмитри Пожарскии напхгара зырҭоз жәлар рыр польшатәи аинтервентцәа рҟынтәи Москва ахы ианақәиҭыртәыз 1612 шықәсазтәи ахҭысқәа ирызку есышықәсатәи ныҳәоуп. Ари аиааира Урыстәыла Аамҭа Хәашь аҵыхәа ԥнаҵәеит.