Затулин: аурыс жәлар аидкылареи аиқәырхареи ахьрылшо азы иӷәӷәоуп

© Sputnik / Нина Зотина
Анапаҵаҩра
Аурыс жәлар ӷәӷәоуп тәылак аилазаараҿы еиуеиԥшым акультурақәеи ажәларқәеи реидкылареи реиқәырхареи ахьрылшо ала ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит ИАР аусқәеи, евразиатәи аинтеграциеи, ҳџьынџьуаа рымадареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилак алахәыла Константин Затулин.
Аҩашаҽны имҩаԥысыз амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәа рзы Ахеилак аилатәараҿы, Владимир Путин иҳәеит Урыстәыла аҭоурых иахьынӡаҵанакуа жәларбжьаратәи аренаҿы аиндаҭлара ахацәгаразы адәныҟатәи амчрақәа рҽазыршәон аурыс уаажәларра еиҟәыршарц. Аха, ажәларқәа ракзаара амилаҭтә суверенитет арӷәӷәареи аҳәынҭқарра аиқәырхареи рзы ихадоу факторны иҟалеит ҳәа.

"Аурыс жәлар ҳәынҭқарреиҿкааҩцәак рыҳасаб ала иӷәӷәоуп, иара иҭоурых аҿы шәышықәсала аидҵареи аидкылареи ахьрылшаз. Акультурақәеи ажәларқәеи аилазаараҿы реиқәырхара ахьрылшазгьы. Абри зеиԥшыҟам еихьӡароуп, уи иалнаршеит ас еиԥш атәыла ду аԥҵара", — иҳәеит Затулин.
Иара иазгәаиҭеит Урыстәыла аҩныҵҟатәи акзаареи аҭышәынтәалареи рыркәадара алмыршара акыр шаҵанакуа.
"Иҟәышым, мамзаргьы цәгьахәыцрала иҟоу ауаа рганахьала ас еиԥш аҽазышәарақәа еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рыла имҩаԥысуеит: арратә операциа ҷыда инадҳәаланы, атәыла иахнаго ауадаҩрақәа инарымаданы, иаҳҳәап, амиграциатә политика уҳәа убас иҵегьы", – ҳәа азгәеиҭеит Затулин.
Адепутат Урыстәыла атәылауаа ааԥхьара риҭеит иҟәыӷазарц, аҩныҵҟатәи аиҿыхарақәа атәымуаҩ ихы изамырхәарц азы.