https://sputnik-abkhazia.info/20261105/1066797714.html
Арсалиаԥҳа: Варвара Бубнова аԥсуа сахьаркыратә ԥсҭазаара акрызҵазкуа хәҭаны дҟалеит
Арсалиаԥҳа: Варвара Бубнова аԥсуа сахьаркыратә ԥсҭазаара акрызҵазкуа хәҭаны дҟалеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 5 — Sputnik. Варвара Бубнова аԥсуа сахьаркыратә ԥсҭазаараҿ акрызҵазкуа хәҭаны дҟалеит ҳәа азгәалҭеит АЗХ адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа, асахьаҭыхыҩ... 05.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-05T23:20+0300
2026-11-05T23:20+0300
2026-11-06T12:14+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101800/00/1018000067_0:523:1295:1251_1920x0_80_0_0_01a4e6dc283c600ce2f7c6b304a08267.jpg
АҞӘА, абҵара 5 — Sputnik. Варвара Бубнова аԥсуа сахьаркыратә ԥсҭазаараҿ акрызҵазкуа хәҭаны дҟалеит ҳәа азгәалҭеит АЗХ адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа, асахьаҭыхыҩ диижьҭеи 140 шықәса аҵра иазкыз алитературатә хәылԥазы амҩаԥгараан.Варвара Бубнова ареспубликахь лаара Аԥсны акультуратә ԥсҭазаараҿгьы ауаажәларратә ԥсҭазаараҿгьы даара акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит ҳәа ацылҵеит лара.Арсалиа иара убас илгәалалыршәеит Бубнова раԥхьатәи лцәыргақәҵа Аҟәа ақалақь аҿы, иахьа иарку Аҟәатәи афизика-техникатә институт аҿы ишымҩаԥысыз.
https://sputnik-abkhazia.info/20261105/1066791825.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101800/00/1018000067_0:402:1295:1373_1920x0_80_0_0_bb874dacac8e31eca42778c15783258b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Арсалиаԥҳа: Варвара Бубнова аԥсуа сахьаркыратә ԥсҭазаара акрызҵазкуа хәҭаны дҟалеит
23:20 05.11.2026 (ирҿыцуп: 12:14 06.11.2026) АҞӘА, абҵара 5 — Sputnik. Варвара Бубнова аԥсуа сахьаркыратә ԥсҭазаараҿ акрызҵазкуа хәҭаны дҟалеит ҳәа азгәалҭеит АЗХ адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа, асахьаҭыхыҩ диижьҭеи 140 шықәса аҵра иазкыз алитературатә хәылԥазы амҩаԥгараан.
"Сара Варвара Бубнова илызкны ҩбаҟа ажәа сҳәарц сҭахуп, Аԥсны иҟоу аурыс сахьаҭыхыҩцәа рфеномен аконтекст ала. Ҳара урҭ ирызку ацәыргақәҵақәа рацәаны иҟаҳҵон. Даара ибзианы ари апериод ҭиҵааит, дахцәажәеит Станислав Алакәаба. Имариамыз аамҭақәа аныҟаз, арахь иаауан еицырдыруаз аурыс сахьаҭыхыҩцәа, ара иҟан аилазаара дуӡӡа", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Варвара Бубнова ареспубликахь лаара Аԥсны акультуратә ԥсҭазаараҿгьы ауаажәларратә ԥсҭазаараҿгьы даара акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит ҳәа ацылҵеит лара.
Арсалиа иара убас илгәалалыршәеит Бубнова раԥхьатәи лцәыргақәҵа Аҟәа ақалақь аҿы, иахьа иарку Аҟәатәи афизика-техникатә институт аҿы ишымҩаԥысыз.