Гәынба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аԥҵоижьҭеи 48 шықәса аҵра амш рыдиныҳәалеит
10:25 06.11.2026 (ирҿыцуп: 12:10 06.11.2026)

© Foto / Администрация президента
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 6 — Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аԥҵоижьҭеи 48 шықәса аҵра амш рыдиныҳәалеит.
1978 шықәса абҵарамза 6 рзы аԥсышәала раԥхьатәи аефир ахь ацәырҵра аҭоурыхтә ҵакы змоу, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны акрызҵазкуа хҭысны, ҳажәлар рзинқәеи рмилаҭ хаҿра аиқәырхареи рзы ақәԥараҿы еихьӡара дуӡӡаны иҟалеит ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
"Амилаҭтә телехәаԥшра ԥсахрада абри аамҭа зегьы аҩнуҵҟа иалшеит ҳажәлари аԥсуа ҳәынҭқарреи ринтересқәа зыхьчо, ҳтәыла аԥсҭазаара саркьаҵас изныԥшуа, ҳмилаҭтә хаҿра, ҳбызшәа, ҳҭоурых-культуратә ҭынха, ҳатрадициақәа реиқәырхаразы ихадоу маруганы аҟалара", — ҳәа азгәаҭоуп адныҳәалараҿы.
Иара убас, Аԥсны ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥсуа журналистика аветеранцәа.
Аҳәынҭқарра ахада Аԥсуа телехәаԥшра аколлектив ирзеиӷьеишьеит арҿиаратә гәацԥыҳәареи азанааҭтә еихьӡара ҿыцқәеи.