АҶ аминистрра аусзуҩцәа урыстәылатәи атехуниверситет аҟны рзанааҭтә дырра еиздырҳауеит
15:15 06.11.2026 (ирҿыцуп: 16:25 06.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 6 — Sputnik. Аҭагылазаашьа ҷыда аминистрра аусзуҩцәеи "Аиқәырхаҩцәа ҿарацәа Аԥснытәи ркорпуси" алахәылацәеи актәи ргәыԥ урыстәылатәи атехнологиатә университет (МИРЕА) ахь рзанааҭтә дырра аизырҳаразы ишьҭуп.
Ҩымчыбжь аиқәырхаҩцәа ҿарацәа аҵара рҵалоит аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәа рымҩаԥгара раԥхьатәи аҽазыҟаҵара, аџьа ахьчара, ааха зауз раԥхьатәи ацхыраара рыҭара, амцарцәаратәи аиқәырхаратәи усура апрограммақәа рыла.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Алиас Аҩӡба иажәақәа рыла, аусбарҭаҿы уажәы аус руеит 600-ҩык рҟынӡа аусзуҩцәа, убри аан ареспублика иаҭахуп 1 700-ҩык иреиҵамкәа ззанааҭдырра ҳараку акадрқәа.

"Ҳара иаҳуалуп ари ахырхарҭеи иарбоу аусуреи иахьынӡалшо рӡыргара. Сара агәраганы сыҟоуп аиҿкаара "Аиқәырхаҩцәа ҿарацәа Аԥснытәи ркорпус", аволонтиорцәа, астудентцәа реилазаара анаҩсгьы аиқәырхара занааҭс ишалырхуа — рыжәлар абас еиԥш рымаҵ ауразы", — иҳәеит иара.
Азанааҭтә дырра аизырҳаразы апрограмма еиҿкаан урыстәылазегьтәи аиқәырхаҩцәа рыстуденттә корпуси Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи рыцхыраарала. Аволонтиорцәа анаҩстәи рԥышәеизырҳара мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмзазы.