Виачеслав Гладков Аӡҩыбжьатәи абжьаратә школ даҭааит
19:41 10.11.2026 (ирҿыцуп: 21:46 10.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 10 — Sputnik. Виачеслав Гладков Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭа даҭааит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Ацҳаражәҳәаҩи урыстәылатәи аицџьынџьуаа реиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи реиқәшаҳаҭрақәа рышьҭахь аҭааразы иазгәаҭаз ақыҭа школ ахь дымҩахыҵит.
Уаҟа аҵара рҵоит 120-ҩык ахәыҷқәа. 10 шықәса инареиҳаны иҵуеит аурыс џьынџьуаа реиҿкаарақәа алахәылацәеи ашкол анапхгареи, ақыҭа ахадареи рыицхыраарала уа акультуратәии аҵаратәии усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоижьҭеи.
Гладков аклассқәа дрыҩнаԥшны ибеит, ашкол аиҳаби арҵаҩцәеи дрыҿцәажәеит, уи адагьы иара Аӡҩыбжьа аҳаџьратәии асоциалтәии центрқәа дырҭааит.